Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa цәыббра 26 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-09-26

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 21 зҵаара ирыхәаҧшит.


Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун амаҵзуратә ныҟәарақәа рзы уахыки-ҽнактәи ахарџьқәа реизырҳара иазку аиҳабыра рықәҵара аҧсахрақәа алагалара.
Лымкаала, атәыла аҩныҵҟа амаҵзуратә ныҟәарақәа рзы иазҧхьагәаҭаз уахыки-ҽнактәи анорма 15 лари аҟынтә 30 лари аҟынӡа азҳауеит, атәыла анҭыҵ амаҵзуратә ныҟәарақәа уахыки-ҽнактәи ахарџьқәеи анхарҭа қьырала агара ахарџьқәеи ҳәаақәҵахоит атәыла цыҧхьаӡазы, уажәазы иҟоу алабҿабара иазҧхьагәаҭаны.


Аҧсахрақәа рыбзоурала, атәыла аҩныҵҟагьы, иара убас, анҭыҵгьы амаҵзуратә ныҟәарақәа рзы уахыки-ҽнактәи ахарџьқәеи анхарҭа қьырала агара иадҳәалоу ахарџьқәеи излауа ала иахьатәи алабҿабара иашьашәалахоит. Зыӡбахәы ҳәоу анормақәа рхы иадырхәоит аҳәынҭқарратә сектори, иара убас хазхаҭалатәи асекторгьы ахаҭарнакцәа. Хазхалатәи асектор азы абри аҩызаҵәҟьа анормақәа шьақәыргылахоит афинансқәа рминистр идҵала.