Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa цәыббра 30 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-09-30

Ҳуааҧсыра сынтәантәи абиуџьет иадҳәаланы аинформациа рысҭар сҭахуп. Аха, уаанӡа, ҳажәлар иргәаласыршәар сҭахуп ҧаса, ҩышықәса раҧхьа, ҳтәылаҿы апандемиа аныҟаз, ҳҭагылазаашьа зеиҧшраз, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апандемиа Қырҭтәыла аекономиказы анырра ду аман, усҟан аекономика каҳаит 6.8%-ла, аиҳабыра руал азҳаит.

„Ҳуааҧсыра сынтәантәи абиуџьет иадҳәаланы аинформациа рысҭар сҭахуп. Аха, уаанӡа, ҳажәлар иргәаласыршәар сҭахуп ҧаса, ҩышықәса раҧхьа, ҳәтылаҿы апандемиа аныҟаз, ҳҭагылазаашьа зеиҧшраз. Ишыжәдыруа ала, усҟан апандемиа ҳтәыла аекономиказы анырра ду аман, аекономика каҳаит 6.8%-ла, уи апроблема дуқәа ахылҵит - ахашәала амаҷхара, аусурҭадара, аҕарра уҳәа, апроблемақәа рацәан. Иара убас, ишәгәалашәозар ҟалап, усҟан аиҳабыра ауал ду шыргаз, аиҳабыра руал азҳаит, атәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтәи 60% еиҳан, усҟан абиуџьет адефицит 9.3 % иаҟаран. Ишәгәалашәозар ҟалап, ҵыҧх актәи аквартал азгьы економикатә рецессиа иҟан, реалра иаҳҳәозар, аекономика 4.1%-ла еиҵхеит. Аха, ишаадыруа ала, ҳара хшыҩкрала, хырҳагарыла иҟаҳҵаз ашьаҿақәа рыбзоурала, ҳтәыла аекономика ирласны аиҭашьақәыргылара иалагеит, ҵыҧх иҕәҕәаӡоу ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳаман. Ишәгәаласыршәар сҭахуп, 2021 шықәсазы аекономикатә азҳара арбага 10.4% иаҟаран, ҳара 2020 шықәсазы иҳауз ацәыӡ ахарҭәаара мацара акәымкәа, 2019 шықәса аасҭа 2.9 %-ла аекономикатә аҩаӡара ашьҭыхра ҳалшеит. Ишыжәдыруа ала, ҵыҧх крызҵазкәа афискалтә консолидациагьы ҳалшеит. Лымкаала, азеиҧш биуџьет адефицит еиҵхеит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 6.1%-нӡа, аиҳабыра руал еиҵхеит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 50%-нӡа, аиҳабыра руал 10%-ла имаҷхеит," - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аекономикатә азҳара ду абзоурала, аиҳабыра абиуџьет аизырҳара рылшеит.

Аиҳабыра рнапхагаҩы ишазгәеиҭаз ала, адунеи аҿы иҟоу арецессиа афонаҿ, Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбага зеиҧшҟамлац ала идууп.

„Ҳуааҧсыра ирасҳәар сҭахуп сынтәа ҳара консервативла абиуџьет аплан шеиқәҳаршәаз. Абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭан 6%-тәи аекономикатә азҳара, 2022 шықәсатәи абиуџьети аноминалтә аарҧшреи аҿы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа иазкыз азҧхьагәаҭа 65 миллиард аҟара иҟан, 64,8 миллиард лари. Ишәгәалашәоит, усҟан азеиҧш биуџьет адефицит арбагеи аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбагеи 4,4% иаҟаран. Салаҽхәаны исҳәар сылшоит сынтәа, ҳара хшыҩкрала иҟаҳҵаз ашьаҿақәа рыбзоурала, аекономикатә азҳара ду шҳамоу, уи еиҳангьы, адунеи зехьынџьара арецессиа аныҟоу, зеиҧшҟамлац арбага бзиа ҳамоуп, ари азҵаара инарҭбааны сазааҭгылоит, избанзар, ҳуааҧсыра ирдыруазароуп ҳтәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа Европеи инеизакны аконтиненти рҿы аҭагылазаашьа ишеиҧшым. Иахьа шьыжьымҭан Астатистикатә маҵзура ицәырнагаз аекономикатә азҳара арбага инақәыршәаны, нанҳәазы 10,5% аекономикатә азҳара ҳаман, уаанӡа, 8 мза рыҩныҵҟа 10,3% азҳара иҟан. Абри аамҭа иалагӡаны ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳамоуп. Убри абзоурала, сынтәа ҳбиуџьет аизырҳара ҳалшеит. Ишыжәдыруа ала, аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭаратә арбага 8,5% иаҟаран, аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҧхьагәаҭа 72 миллион лари иаҟароуп. Ари азҧхьагәаҭа аконсервативтә ҟазшьа амоуп. Ҳгәы ишаанаго ала, абри аласра ҳзыхьчар, сынтәагьы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳамазаауеит. Ҳара уи азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аекономикатә азҳара ду абзоурала, абиуџьет ахашәала ацлеит, убри аҟынтә, аиҳабыра, имаҷымкәа апроект бзиақәа аҧара рзоурышьҭыр рылшоит.

„Аекономикатә азҳара ду иаҳзаанагеи, ҳуааҧсыра рацәа ари азҵаара рымазар ҟалап. Ишысҳәаз еиҧш, уи абиуџьет аҿы иаҳа ирацәаны ахашәала ҳзаанагеит. Абри ахашәала ала, иаҳа ирацәаны апроект ҿыцқәеи апрограмма ҿыцқәеи аҧара рзоушьҭра ҳалшоит. 700 миллион лари ала ауал ҳармаҷит. 700 миллион лари - ҳара иҳалшаз ареалтә аицҵалыҵуп. Уи акоуп, насгьы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп азеиҧш биуџьет адефицит шҳармаҷыз аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 3,2%-нӡа. Аиҳабыра руал аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 40%-нӡа имаҷхеит. Ҩышықәса раҧхьа аиҳабыра руал 60% иҟан. Иахьазы 40%-нӡа иҳармаҷит",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, 2023 шықәсатәи абиуџьетгьы консервативла аплан шьҭыхын.

„2023 шықәсатәи абиуџьетгьы иадҳаланы ҳуааҧсыра аинформациа рысҭар сҭахуп. Иааркьаҿны ишәасҳәоит, 2023 шықәсатәи абиуџьет консервативла аплан шьҭыхын. Убри аамҭазы, ҳара афискалтә консолидациа наҳагӡоит. Лымкаала, аплан инақәыршәаны, ареалтә економикатә азҳара 5% рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟазароуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, 5%-тәи аекономикатә азҳара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аргаба 80 миллиард лари иаҟарахоит.

„Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, уи аконсервативтә ахәшьарҭареи апланшьҭыхреи ауп, 5%-тәи аекономикатә азҳара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара 80 миллиард лари ҳауеит, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага 80 миллиард лари иаҟарахоит. Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, уаҩҧсык изы еиҭаҧхьаӡоу аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 7 500 адоллар иаҟароуп. Ауаажәлар иргәаласыршәар сҭахуп 2020 шықәсазы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага заҟараз, - усҟан 50 миллиард лари акәын иҟаз, 2021 шықәсазы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага 60 миллиард иаҟаран. 2-3 шықәса рыла аҩныҵҟатә аалыҵ наӡа 30 миллиард лари ала аизырҳара ҳалшеит. Уи ҳекономика 10 миллиард адоллар ала азҳара ауп иаанаго. Ареалтә ҭагылазаашьа абасоуп ишыҟоу, уаҩҧсык изы аиҭаҧхьаӡара инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 7 500 адоллар иаҟароуп, ҧаса 4 800 адоллар акәын иҟаз. Абри зегьы ҳареи ҳгәыҧи 2 шықәса мацарала имҩаҧыргаз аусура иабзоуроуп,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аполициеи, агәабзиарахьчареи, Ашәарҭадара амаҵзуреи ахаҭарнакцәа рџьаусҧса азҳауеит 20 наӡынала.

Иара иажәақәа рыла, азеиҧш биуџьет ашәахтә хашәала 18,5 миллиард лари иаҟароуп, абиуџьет адефицит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 2.8 %-оуп. Ҩышықәса раҧхьа 9.3 % иҟан.

„Егьырҭ адыррақәа ирызкны иааркьаҿны ишәасҳәар сҭахуп азеиҧш биуџьет ашәахтә хашәала 18,5 миллиард лари ишаҟароу, абиуџьет адефицит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 2.8 %-оуп. Ҩышықәса раҧхьа 9.3 % иҟан. Ҩышықәса рыла 9.3% аҟынтә 2.8%-нӡа аиҵатәра ҳалшеит. Ҩышықәса рыҩныҵҟа ҩ-ҧхьӡарактәи аекономикатә азҳара ҳамоуп, азеиҧш биуџьет ашәахтә хашәала 18,5 миллиард лари иаҟароуп, абиуџьет адефицит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 2.8 %-оуп. Ҩышықәса раҧхьа 9.3 % иҟан. Аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага 30 миллиард лари ала аизырҳара ҳалшеит. 2023 шықәсазы азеиҧш биуџьет ахарџьтә хәҭа 24.3 миллиард лари иаҟарахоит, уи абзоурала, атәылаҿы иҟоу ахадаратә проблемақәа рыӡбара ҳалшоит. Лымкаала, ахадаратә ҵакы змоу приоритетқәак сырзааҭгылар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, Атәылахьчара аминистрреи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Ашәарҭадара амаҵзуреи инеизакны рфинансыркра азҳауеит 490имиллион лари ала. Аполициеи, агәабзиарахьчареи, Ашәарҭадара амаҵзуреи аусзуҩцәа рџьаусҧса азҳауеит 20 наӡынала, уи азыҳәан иазҧхьагәаҭоуп 290 миллион лари. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп ажьырныҳәазы ҳара аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы рџьаусҧса 10 наӡына шацаҳҵаз. 2023 шықәса ажьырныҳәазгьы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы иҵегьы 10 наӡына рзацаҳҵоит, ари апроцесс анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы инагӡахоит. Аполициеи, агәабзиарахьчареи, Ашәарҭадара амаҵзуреи аусзуҩцәа зегьы ажьырныҳәа инаркны 20 наӡынала еиҳаны аџьаусҧса роуеит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аполициеи агәабзиарахьчареи аусзуҩцәа рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәразы, анхарҭақәа рыргылара иазҧхьагәаҭоуп.

„Убри адагьы, иазгәасҭар сҭахуп, аполициеи агәабзиарахьчареи аусзуҩцәа рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәразы, анхарҭақәа рыргылара иазҧхьагәаҭоуп. Мызқәак рышьҭахь Ар рықалақь аргылара хыркәшахоит, ари ақалақь аартны, 1000ҩык инареиҳаны арратә маҵзуҩцәа ауадақәа раҳҭоит, ари апрограмма наҟ-наҟгьы инагӡахоит. Уажәы, мчыбжьқәак рышьҭахь, аполициа аусзуҩцәа рықалақь аргылара ҳалагоит. 1000ҩык инареиҳаны аполициа аусзуҩцәа анхарҭақәа роуеит, ҳәарада, уигьы кыраамҭалатәи программахоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, уи зныктәи апрограмма акәӡам. Иара убас, аинфраструктура арҿаиара амзызла, аполициа ахыбрақәа рырҽеиреи, абазақәа рыргылареи, рырҽеиреи, реибыҭареи, амашьына ҿыцқәа раахәареи уҳәа, имаҷымкәа ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ажьырныҳәа инаркны агәабзиарахьчареи асоциалтә программақәеи 770 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоурышьҭуеит. 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьхаҳаракыратә регионқәа ирықәынхо атәанчуаа 440 лари атәанчахә роуеит, егьырҭ аҭыҧқәа рҿы - 365 лари.

«70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа 300 лари роуеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы 355 лари.

Иара убас, атәанчахә инаваргыланы, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи ироуа асоциалтә цхыраара иацлоит 65 лари. Ахәыҷқәа ироуаз ацхыраара хынтә азҳаит. 50 лари иҟан, уажәы 150 лари иҟалеит. Ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит», - Ҕарибашвили.

„Ажьырныҳәа инаркны агәабзиарахьчареи асоциалтә программақәеи 770 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоурышьҭуеит. 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьхаҳаракыратә регионқәа ирықәынхо атәанчуаа 440 лари атәанчахә роуеит, егьырҭ аҭыҧқәа рҿы - 365 лари.

70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа 300 лари роуеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы 355 лари.

Иара убас, атәанчахә инаваргыланы, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи ироуа асоциалтә цхыраара иацлоит 65 лари. Ахәыҷқәа ироуаз ацхыраара хынтә азҳаит. 50 лари иҟан, уажәы 150 лари иҟалеит. Ҵыхҧ 100 лари иҟан, нас, аҧара рзхацаҳҵан, уажәы 150 лари роуеит. Ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит. 2023 шықәсазы ҳбиуџьет аҭаӡара иахьыҧшымкәа, иҵегьы рзацаҳҵар ҳҭахуп, ари азҵаара иадҳәаланы ҧыҭраамҭак ашьҭахь аинформациа шәаҳҭоит. Ахҵәацәа рзы анхарҭақәа рыргылара ҳалагоит. Ишыжәдыруа ала, 7000 анхарҭақәа рзы иазҧхьагәаҭоу акомплекс аргылара ҳалагоит, атендерқәа мҩаҧгоуп, ари апроцесс хара имгакәа ихыркәшахоит. 2023 шықәсазы уи азы иазҧхьагәаҭоуп 250 миллион лари,"- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, амуниципалитетқәа рхашәала ацлеит, убри аҟынтә, ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәагьы аџьаусҧса рзацҵара рылшоит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы рџьаусҧса 10% ацлоит.

„Ишыжәдыруа ала, аҵара - ҳара ҳзы аҧыжәара змоу аусхкқәа иреиуп - аҵареи аҵарадырреи аиҷаҳарf ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Аҳәынҭқарратә школқәа рырҵаҩцәа рџьаусҧсеи ацҵатәи, амандатурцәа рџьаусҧсеи, аҳәынҭқарратә школқәа радминbстрациатә персонал рџьаусҧсеи азҳауеит 10%-ла. 10%-тәи азҳара аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ирыдкьыслоит. Иара убас, ҳара, азанааҭтә ҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа рсааҭтә џьаусҧса ацаҳҵоит. 500 школқәа рыргылареи рырҽеиреи ҳалагоит. Ишыжәдыруа ала, ҳара аплан еиқәыршәаны иҳамоуп. 800 ашколқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, ари аус азы аҧара рацәа алхуп, инақәыршәаны, хышықәса рыла миллиард лари аҟара, абри аус азы 2023 шықәсатәи абиуџьет аҿы 300 миллион лари иазҧхьагәаҭоуп. 500 ашколқәа рырҽеира ҳалагоит ажьырныҳәа инаркны.

Амуниципалитетқәа рхашәала ацлеит, убри аҟынтә, ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәагьы рџьаусҧса аизырҳара ҳалшоит. Уигьы абри абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аинфраструктура ахырхарҭала 2023 шықәсазы 6 миллиард лари еиҳаны инаҳхуеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, амҩатә инфраструктура иаларҵоит миллиард 700 миллион лари еиҳаны, амагистраль лас аргылара иазоурышьҭуеит миллиард 200 миллион лари, амуниципалтә инфраструктура аиҕьтәразы инырхуеит 2 миллиард 100 миллион лари, аӡымҩангагатә система аиҕьтәра иаларҵоит 520 миллион лари.

„Уажәы аекономикатә азҳара ацхраара азҵаара сазааҭгылар сҭахуп. Асоциалтә хырхарҭала иҳамоу ахарџь дуқәеи, аџьауҧса ацҵареи инаваргыланы, ҳара аинфраструктуреи аекономика астимулиациеи аҧара рацәа азоушьҭра ҳалшеит, 2023 шықәсазы аинфраструктура иалаҳҵоит 6 миллиард лари еиҳаны. Арҭ апроектқәа иреиуп амҩатә инфраструктура аиҕьтәра, миллиард 700 миллион еиҳаны амҩатә инфраструктура иалаҳҵоит. Амагистраль лас аргылара иалаҳҵоит миллиард 200 миллион. Амуниципалтә инфраструктура аиҕьтәразы иазҧхьагәаҭоуп 2 миллиард 100 миллион лари. Аӡылеиқәыршәареи аӡытә системақәа реиҕьтәреи иазоуҳашьҭуеит 520 миллион лари, уи ҳтәылауаа рзы аҵакы ду амоуп. Ҳара ажәлар ажәа раҳҭеит 2025 шықәсанӡа, анеҩстәи ҩышықәса, амаксимум хышықәса рыла амуниципалитетқәа зегьы, ақалақьқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы аӡыла ишеиқәҳаршәо азы. Ари ахырхарҭала активла аус аауеит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Арегионқәа аҧсабаратә газла реиқәыршәаразы иазҧхьагәаҭоуп 80 миллион лари, уигьы аҵакы ду амоуп. Ҳплан инақәыршәаны, ҩышықәса рыла агазификациа апроцесс хыркәшазароуп. Иахьазы атәыла 90% еиҳаны агазла еиқәыршәоуп, ари арбага иҵегьы ишьҭаҳхроуп, ҳплан иарбоу ауснагӡатәқәа зегьы ирласӡаны инаҳагӡароуп,- иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, 900 миллион лари инырхуеит ақыҭанхамҩеи, абизнес маҷи, абжьаратә бизнеси арҿиаразы.

„Ақыҭанхамҩеи, абизнес маҷи, абжьаратә бизнеси рыцхрааразы инаҳхуеит 590 миллион лари, ари аицҵалыц иалоуп амелиорациагьы, агрокредитқәагьы, агроаҧгаҧсагьы, „Иаҧҵа аҧеиҧш" апрограммагьы, анаплакқәа аҧара рзоушьҭра апрограммагьы уҳәа, убас егьырҭгьы. Абинес маҷи абжьаратә бизнеси ацхраара амзызла, апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" иазоуҳашьҭуеит 260 миллион лари. Зынӡа, ари ахырхарҭа иалаҳҵоит 900 миллион лари, 900 миллион лари инаҳхуеит ақыҭанхамҩеи абжьаратә бизнеси арҿиаразы,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иара иажәақәа рыла, акультуреи аспорти адгыларазы имаҷымкәа апроектқәа мҩаҧыргоит.

„Ҳара акультуреи аспорти ахырхарҭалагьы апроектқәа иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп - 2023 шықәсазы Европа ачемпионат мҩаҧысуеит, аҽазыҟаҵара ҳаҿуп, астадионқәа ҳаргылоит, егьырҭ апроектқәагьы аус рыдааулоит, урҭ ҧыҭраамҭак ашьҭахь срылацәажәоит, апарламент аҿгьы,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

2023 шықәса лаҵара анҵәамҭа инаркны, рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи рзы адунеитә аеҵәақәа раагара ҳгәы иҭоуп - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа мҩаҧысуеит Қарҭи, Баҭым „Блеқ си аренеи" аҿы.

„Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп акультура ахырхарҭала, ҳтәылауаа рзы, ҳҿар рзы адунеитә аеҵәақәа раагара ҳгәы ишҭоу. Лаҵара анҵәамҭа инаркны, рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи рзы адунеитә аеҵәақәа ааҳгоит, Қарҭтәи астадиони Баҭым „Блеқ си аренеи" рҿы, зехьынџьара адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа мҩаҧысроуп. Ари апрограммагьы аус адааулоит, ажәлар ари азҵааразы аинформациа наӡа раҳҭоит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра 10 акурорттә ақалақ ҿыцқәеи аҳаблақәеи реиҭашьақәыргылареи рырҽеиреи азы активла аусура иаҿуп.

„Атуристтә инфраструктура арҿиара ҳгәы иҭоуп. 10 акурорттә ақалақ ҿыцқәеи аҳаблақәеи реиҭашьақәыргылареи рырҽеиреи азы активла аусура ҳаҿуп, аха, ари азҵааразгьы ҳуааҧсыра ҧыҭрамҭак ашьҭахь аинформациа раҳҭоит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Европа зехьынџьара акризиси арецессиеи аныҟоу аамҭазы, Қырҭтәыла аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи ихьчоуп, уи еҳангьы, атәылаҿы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟоуп, абри зегьы ибзиаӡаны еилкаатәуп.

„Европа аконтинентаҿы, Украинаҿ арбгаратә еибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы, ҳара арбага бзиақәа ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Урыстәылатәи агрессиеи аибашьреи инагӡоит. Уи иацлеит аенергокризиси, ахәқәа рышьҭыҵреи, аинфлиациеи. Европатәи тәылақәак рҿы аинфлиациа 25%-нӡа ишьҭыҵхьеит. 22-23-25% аинфлиациа иҟоуп, европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы аекономикатә рецессиа иазыҧшуп. ЕАР аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳколлегацәа рацәа срацәажәеит, дара апессимисттә гәалаҟазаара рымоуп, европатәи аекономика кырӡа илаҟәхоит ҳәа ргәы иаанагоит, уи иацлоит сара еиқәысыҧхьаӡаз акризисқәагьы. Уажәы аекономикатә азҳареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи акәымкәа, ртәылауаа аҧхарра шырзеиқәдыршәаша ауп изызхәыцуа. Аиашаз, убасҵәҟьоуп ишыҟоу, европатәи ҳәынҭқаррақәак реиҳабырақәа абри ауп изызхәыцуа, избанзар, урыстәылатәи агаз роуам, Европа аурыс агаз аиуам, Европа ахаҭагьы, етапла, аурыс агаз мап ацәнакуеит, Урыстәылагьы Европа агазла аиқәыршәара иаҟәыҵит. Уажәазы абасоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Европа аҭагылазаашьа цәгьоуп. Абри зегьы зысҳәои?! Избанзар, абри зегьы ибзиаӡаны еилкаатәуп. Европеи Украинеи абри аҩыза арадикалтә ҭагылазаашьа аныҟоу аамҭазы, ҳара аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи ахьчара ҳалшеит, уимоу, ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳаара ҳамоуп. Иацҵаны аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара ҳаҿуп, абизнес иацҵаны 60 000 аусуратә ҭыҧқәа аҧнаҵеит, 20 000 еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа аиҳабыра еиқәдыршәеит, атәылауаҩратә усурақәа роуп сызлацәажәо, социалла ихьчам ауааҧсыра аусурҭа раҳҭеит. Ҳәарада, абри зегьы ҳаиҷаҳароуп, атәыла аҩныҵҟа излауа ала ҳаидгылароуп, аҭынчреи, иаҳа имаҷны ацәаныррақәеи, аҭышәынтәалара ахьчареи, аекономикатә азҳареи, аҿиареи, ҳажәлар рзы амшхәыбзазареи ҳҭахуп. Анцәа илҧхала ҳара уи ҳалшеит, абри зегьы ихьчатәуп, ҭынч ҳтәыла амаҵ аура наҳагӡароуп",- иҳәеит аҧыза-министр.