Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa жьҭаара 3 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-10-03

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхграла, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы аиҳабыра алахәылацәа 7 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарқәа иреиун „2022 шықәсазы ажьҭаара еиҿкааны амҩаҧгаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа" ирызкны 2022 шықәса ҧхынгәы 25 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №1327 аҧсахрақәа алагалара.

Лымкаала, сынтәа ажьҭаара апроцесс еиҿкааны амҩаҧгара амзызла, Раҷа-Лечхумии Қвемо Қарҭлии арегионқәа рҿы Хванҷкара амикрозонаҿ кьылак алеқсандреулии муџьуреҭулии ажьхкқәа раахәаразы, аҩытә еилахәыра, асубсидиа ҳасабала иазоушьҭуп 4 лари; иара убас, асубсидиа аиуразы, аҩытә еилахәыра иауалуп аӡахәааӡара аусхкы аҿы аус зуа афизикатә хаҿы, ма/иара убас, ақыҭанхамҩатә кооператив астатус змоу аиуристтә хаҿы иҟынтә кьылак алеқсандреулии муџьуреҭулии ажьхкқәа раахәараан 7 лари еиҵамкәа рызшәареи 3 тоннак еиҵамкәа алеқсандреули ма/иара убас муџьуреҭули аахәареи; убри адагьы, Кахеҭи инаваргыланы, Раҷа-Лечхумии Қвемо Қарҭлии арегионқәа рҿгьы ажьҭаараан ажь аҭара/адкылара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩытә еилахәыра, ажь азҭо ауаҩҧсы иҟны иззеиқәшаҳаҭхо аинформациа (ажь азҭо ауаҩҧсы ихьӡи ижәлеи, ажь ахкы, аҭара аҭыҧи аамҭеи) цәырнагароуп апортал - portal.wine.gov.ge аҿы.



Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура