Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa жьҭаара 17 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-10-17

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аилатәараҿы аминистрцәа 11 зҵаара ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаақәа иреиуп „Гогни аҧшатә фымцатә станциа" апроект аконцепциа адгылареи уи ала иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡареи иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект. Апроект ала иазҧхьагәаҭоуп Ҭерџьолеи Тҟибулии амуниципалитетқәа рҿы аҧшатә фымцатә станциақәа рыргылара. Афымцатә станциа, инақәыршәаны, 103,5 мегаватт амч амазаауеит, шықәсыкала - 362 млн. квт.сааҭ афымца аҧнаҵоит, апроект 130 миллион адоллар иаҧсоуп.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа, ,,Ахаҿы жәларбжьаратәи еилахәыра астатус анашаьара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроектқәа ирыхәаҧшит, ари ақәҵара ашьаҭала 8 еилахәырак жәларбжьаратәи астатус ранашьан.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура