Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa жьҭаара 25 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-10-25

Иахьа, аиҳабыра радминистрациаҿы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аиҳабыра алахәылацәа 9 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Иахьа аиҳабыра алахәылацәа, „Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчарахь аиасра амзызла имҩаҧгатәу уснагӡатәқәк ирызку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект иахәаҧшит, уи 2013 шықәса жәабран 21 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵарашҟа аҧсахрақәа алагалара иазкуп. Азакәанпроект ашьаҭала, абҵара 1 инаркны, амедицинатә усбарҭақәа рҿы, адиагноз иаҿагыло агәыҧ (DRG) ала афинансыркра амодель ҿыц амч аиуеит. DRG аҿиара змоу адунеитә тәылақәа рҿы иҧышәу афинансыркра амодельуп, уи инақәыршәаны, аҳәынҭқарра ауааҧсыра ибзианы рхәышәтәра иазоунашьҭуа ахә автоматла иҧхьаӡахоит. Афинансыркра аҭаӡара ҳәаақәҵахоит апациент идиагнози, иқәреи, игоспитализациа аҿҳәареи, егьырҭ акритериқәеи рыла. DRG асистема аларҵәара ашьҭахь, амедицинатә маҵзура аиураан, пациент иацҵаны аҧара ашәара иқәшәом. Апациент, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аицфианансыркрала иазҧхьагәаҭоу ахәҭа мацара ишәоит.

Иара убас, аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы, аиҳабыра алахәылацәа „Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Қырҭтәыла иаҭааиз Украина атәылауааи Украина анхара азин змоу ауааҧсыреи асоциал-економикатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа ирызку" 2022 шықәса ҧхынгәы 13 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара аҧсахрақәа алагалара иазку ақәҵара апроект иахәаҧшит. Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Қырҭтәыла иаҭааиз Украина атәылауааи Украина анхара азин змоу ауааҧсыреи Қырҭтәыла раара апроцесс инагӡоит, убри аҟынтә, аҧсахрақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра асоциал-економикатә цхыраара рыҭара апроцесс нагӡахоит 2023 шықәса лаҵарамзанӡа.

Асоциал-економикатә цхыраара апрограмма рхы иадырхәоит Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Украинаҟа ахынҳәра злымшо, 2022 шықәса жәабран 1 анеҩс Қырҭтәыла иаҭааиз украина атәылауааи украина анхара азин змоу ауааҧсыреи. Асоциал-економикатә программала иазҧхьагәаҭоуп анхарҭеи иара убас, ахныҟәгаратә ҭагылазаашьақәеи рзеиқәыршәара иазку аҧаратә цхыраара.

Убри адагьы, иахьа аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит, „Аҳәсеи, аҭынчреи, ашәарҭадареи иазку ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа рынагӡара 2022-2024 шықәсқәа рзтәи амилаҭтә уснагӡатәқәа рплан ашьақәырҕәҕәара иазку" ақәҵара апроекти, иара убас, „Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагыло ақәҧареи амчылара зхызгаз ауаа рыхьчареи азы 2022 -2024 шықәсқәа рзы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа рплан иазку" ақәҵара апроекти.

Зыӡбахә ҳәоу ауснагӡатәқәа рплан ашьаҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра, аизыҟазаашьақәа зегьы рҿы агендертә зинеиҟарара арҕәҕәареи, аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи апревенциеи, қәҿиарала ақәҿыҭреи, амчылара зхызгаз ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчаразы асервисқәа рыдгалареи амзызла, апартниортә жәларбжьаратәии иҳынҭқарратәыми аиҿкаарақәа рҟны аусеицурала, иаҭаху ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаҧгара еиқәдыршәоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аплан аиқәыршәара иалахәын ЕАР Аҳәса реиҿкаареи уи аекспертцәеи, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәеи, жәларбжьаратәии аҭыҧантәи иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура