Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa жьҭаара 31 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

9 мза рыла, Қырҭтәыла, 10,2% аекономикатә азҳара иҟоуп, уи Европаҿ зеиҧшҟамлац арбага бзиоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ашықәс анҵәамҭаз атәылаҿы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иазыҧшуп.

„Сара аекономикатә азҳара салацәажәар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, уажәазы иҟоу агеополитикатә проблемақәеи аибарххареи аан, ҳара атәылаҿы аекономикатә азҳара ду ахьчара ҳалшеит. 9 мза рыла, Қырҭтәыла, 10,2% аекономикатә азҳара иҟоуп, уи Европаҿ зеиҧшҟамлац ала ибзиоу арбагоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп аекспорт арбагагьы 40%-ла ишеиҕьхаз, 9 мза рыла 37,4% азҳара ҳамоуп. Аекспорт аҟынтә 4 миллиард адоллар ахашәала ҳауит.

Атуризм ирласӡаны аиҭашьақәыргылара иаҿуп. 2019 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр, сынтәа атуризм 97,5%-ла еиҭашьақәгылахьеит. Ари аусхкы аҟынтә атәыла аиуит 2,5 миллиард адоллар ахашәала.

Заанаҵы азҧхьагәаҭақәа рыҟаҵара сҭахым, аха, ашықәс анҵәамҭанӡа абри аҩыза аекономикатә азҳара ду ахьчареи ҩ-рыцхәктәи арбага аиуреи ҳақәгәыҕуеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Ҳәарада, Қырҭтәыла аресурс дуқәа амоуп, ҷыдала агидроресурсқәа, убри аҟынтә, ари аресурс излауа ала хшыҩкрала ҳхы иаҳархәароуп. Ари азҵаара ҳара ҳзы аҧыжәара амоуп, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ари ахырхарҭала активла аус аауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, еиқәыҧхьаӡоу апроектқәа зегьы рырҭбаареи рынагӡареи рылшар, анеҩстәи 3 шықәса рылаатәыла аенергетикатә сектор аиуеит 3 миллиард адоллар еиҵамкәа аинвестициа.

„Даҽа зҵааракгьы сазааҭгылар сҭахуп, уи ҳара иҟаҳҵаз ақәыргәыҕрақәа ирыдҳәалоуп. Ишыжәдыруа ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала атәылақәа зегьы акризис иҭагылоуп, зехьынџьара апроблемақәа рацәоуп, бжеиҳарала, аенергошәарҭадареи аенергохьыҧшымреи аганахьала. Ҳәарада, Қырҭтәыла аресурс дуқәа амоуп, ҷыдала агидроресурсқәа, убри аҟынтә, ари аресурс излауа ала хшыҩкрала ҳхы иаҳархәароуп. Ари азҵаара ҳара ҳзы аҧыжәара амоуп, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ари ахырхарҭала активла аус аауеит. Ҳара Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҿгьы аконсультациақәа мҩаҧаагеит, иахьа ишәыдаагало асхема иадҳәаланы дара рҟны ҳаиқәшаҳаҭхеит, мышқәак рнеҩс ари асхема аофициалтә асахьа аиуеит. Асхема ҿыц ала иазҧхьагәаҭоу шәасҳәар сҭахуп, - ишыжәдыруа ала, ахәдықәҵара змаз аахәарақәа асхема аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аанкылан, инақәыршәаны 800 мегаватт амч змоу аӡфымцатә станциақәа рзы амеморандумқәа иҟан. Аха, џьоукы астанциақәа рыргылара ишалагазгьы, арҭ аиқәшаҳаҭрақәа ҳнапы рыҵаҩым. Уи зҵаарак ауп, даҽа зҵааркгьы иҟоуп - апроект ҿыцқәа ирҧеиҧшхо цқьа еилкаамызт, аинвесторцәа иаҳа инарҭбаау аинформациа рҭахын. Убри аҟынтә, асхема ҿыц абри асахьа амоуп - аинвесторцәа ирыдаагало асхема инақәыршәаны, аҳәынҭықарра ала аӡфымцатә станциа аус арура алагара инаркны 15 шықәса рыҩныҵҟа, ахәқәа рыбжьара аиҧшымра иазку аиқәшаҳаҭрала, аенергетикатә проектқәа адгылара роуеит, абри ауп аинвесторцәа ирыдаагало асхемала иазҧхьагәаҭоу. Адгылара асхема ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп анеҩстәи хышықәса рыҩныҵҟала аукцион ала, инеизакны 1 500 мегаватт амч зауа афымцатә станциақәа рыргыларазы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара. Ҳәарада, ари асхема иалам сызлацәажәаз 800 мегаватт амч змоу астанциеи, иара убас, „Намахвани", „Ненскра", „Худони" уҳәа, апроект дуқәеи.

Жәакала иаҳҳәозар, инеизакны 1 500 мегаватт амч зауа абарҭ астанциақәа мацара рыргылара абзоурала, 2.2 миллиард адоллар аинвестициа ҳазыҧшуп. Уи иацлоит 800 мегаваттәи апроектқәеи хазы ҳазлацәажәараны иҟоу егьырҭ апроект дуқәеи. Анеҩстәи хышықәса рыла, абарҭ апроектқәа зегьы рынагӡара ҳалагар, аенергетикатә сектор аҿы 3 миллиард адоллар еиҵамкәа аинвестициа ҳауеит. Ари аӡбара аҵакы ду амоуп, избанзар, ганкахьала, ҳара аилыркаара ҟаҳҵоит, егьи аганахьала - лабҿаба ааҳарҧшауеит ари азҵаара ҳара ҳзы аҧыжәара шамоу, ҳәарада, арҭ аинвестициақәа ҳара ҳҟынтә адгылара ҕәҕәа рымазаауеит. Иара убас, исҳәар сҭахуп, ҳара аекономикатә азҳара ду ҳамоуп, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟала 10 наӡынала азҳара иаҿуп, аха, агенерациа азҳауам, ахархәара ацлеит, анеҩстәи шықәсқәак рыҩныҵҟа ари аганахьала ауадаҩрақәа ҟалоит. Ҳара аӡфымцатә станциа ҿыцқәа рыргылара ҳалагароуп, акыр иаҧсоу аҩызцәа, ари азҵаара аҵакы ду амоуп, атәылаҿ иҟоу аресурсқәа зегьы излауа ала, хшыҩкрала, рацоналла ҳхы иаҳархәароуп, избанзар, уи зырҿыцра ҟало афымцоуп, афымца цқьоуп, аекологиатә ганахьала ицқьоуп, ҳәарада, ари аус иаҳа адгылара аҭахуп," - иҳәеит аҧыза-министр.

Ауааҧсыра ирасҳәар исҭаху даҽа зҵааракгьы иҟоуп, уи араса аус адулара адгыларатә программа иадҳәалоуп. Ишыжәдыруа ала, ҳтәылауаа рацәа ари аусхкы рнапы алакуп. Рыцҳарас иҟалаз, амармалташьтә пты уажәгьы араса ҧырхага ду азаанагоит. Сымҩашозар, ҧырхага аазго абри амаҵа аларҵәара иалагеит 2017 шықәсазы, уи амшала араса аҽаҩра маҷхеит. Ишыжәдыруа ала, сынтәагьы аҽаҩра дуум. Араса ахаҭабзиара еицәахеит, насгьы, арасазы аҭахра еиҵхеит, адунеиаҿ иҟоу аекономикатә кризис амшала араса ахә каҳаит. Убри аҟынтә, ҳара, абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ари асектор аҿы аус зуа афермерцәеи афизикатә хаҿқәеи иҳалшо ала ҳрыцхраарц ҳаӡбеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, апрограммала иазҧхьагәаҭоуп араса раҧхьатәи аус адулара ацхраара, араса ахылаҧшра/ааӡааразы иаҭаху амаҭәарқәа рыхә асубсидиақәа азоушьҭра ала. Аиҳабыра рнапхгаҩы ажьҭаарагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, сынтәа Кахеҭи арегион 250 миллион лари аиуит.

„Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп араса раҧхьатәи аус адулара ацхраара, араса ахылаҧшра/ааӡааразы иаҭаху амаҭәарқәа рыхә асубсидиақәа азоушьҭра ала. Раҧхьатәи аетап азы ари аус иазоуҳашьҭуеит 20 миллион лари. Ҳаҭыр зқәу Оҭар ари азҵаара инарҭбааны далацәажәоит. Ари асектор аҿы аус зуа ауааҧсыра зегьы иҳалшо ала ҳрыцхраароуп, ҷыдала Гыртәыла арегионаҿ, избанзар уаҟа ари аусхкы знапы алаку ауаа рацәоуп, аӡахәааӡаҩцәеи аҩы ааглыхыҩцәеи ҳашрыцхраауа еиҧшҵәҟьа, даргьы ацхыраара рҭахуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп ажьҭаара апроцесс қәҿиарала ишхыркәшоу, сынтәа Кахеҭи арегион аиуит 250 миллион лари, ҳаҭыр зқәу Оҭар Шамугиа ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара ажьҭаара қәҿиарала имҩаҧигеит, ари апроцесс иалахәыз аусбарҭақәа зегьы сраҭабууп," - иҳәеит аҧыза-министр.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура