Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa абҵара 21 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-11-21

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа 12 зҵаара ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал, хәыда-ҧсада аҭара аформала априватизациа иазку азакәанпроект, уи ашьаҭала, иҵегьы 123 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭатә уадақәа рырҭоит. Ахҵәацәа анхарҭатә уадақәа роуеит Қарҭи, Гории, Жәыргьыҭи, Қәҭешьи, Ҵҟалтубои, Мцхеҭеи, Баҭыми, Ахалцихеи, Хобии, Мартвилии, Сенакии, Ҵаленџьихеи, Ҧуҭи, Чхороҵҟуи, Қобулеҭии, Гурџьаании, Ҭеҭриҵҟарои, Гардабании, Хашурии.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит Қырҭтәыла абиуџьеттә закәанеидкыла аҧсахрақәа алагалара иазку азакәанпроект, уи ашьаҭала, амуниципалитетқәа рҿы аҳәынҭқарра иатәу адгьылҭыҧқәа рхархәара аҟынтә амуниципалитетқәа ироуа ахашәала ацлоит. Убри адагьы, амуниципалитет, уи аҵакырадгьылаҿ иҟоу аҳәынҭқарратә амал аҟынтә иацҵаны ахашәала аиурц азыҳәан, азакәанпроект ашьаҭала, ахашәала анаӡынатә аизшара еиҭахәаҧшуеит амал инақәыршәаны. Иара убас, аилатәараҿы изхәаҧшыз азакәанпроект инақәыршәаны, Хашури аӡылеиқәыршәаратә системақәа рыргылара апроект азы аусура иалагоит.

Апроект 225 миллион лари иаҧсоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, 5 шықәса рыла идыргылоит 160 километр аӡымҩангагеи, 45 километр аӡцарҭатә аҳаи, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аӡцарҭа арыцқьаратә аргыламҭеи, иара убас, аханатә идырҽеиуеит аӡыржәтә аргыламҭа хадеи арезервуарқәеи, уб. егь.. Апроект ахыркәшара анеҩс, 24 000 абенефицарцәа аханатә еиҿкаау аӡылеиқәыршәаратә система рхы иадырхәоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура