Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa абҵара 28 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-11-28

Раҧхьа иргыланы, абиуџьет атема салацәажәар сҭахуп. Ахәашазы Аекономикатә хеилак аформатаҿ ҳаиҧылеит, абҵара 30 рзы апарламент иалаагалоит абиуџьет аҵыхәтәантәи авариант, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза--министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, сынтәатәи аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа цқьа игәарҭоит, 8,5 % ацынхәрас 10% ҟалоит. Инеишьҭаргыланы, ҩышықәса рыҩныҵҟа ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҟалоит, уи аиҳабыра имҩаҧырго аекономикатә политика иаша иабзоуроуп.

„Салам шәымаз, иахьа ҳуааҧсыра зҵакы дуу азҵаарақәа ирызку аинформациа рысҭар сҭахуп. Аинтерес зҵоу аӡбарақәа ҳадаҳкылеит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳуаҧсыра уи рдыруазароуп.

Сынтәатәи аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа цқьа игәаҳҭоит, 8,5 % ацынхәрас 10% ҟалоит. Ҳара, инеишьҭаргыланы, ҩышықәса рыҩныҵҟа ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳауеит, уи ҳекономикатә политика иаша иабзоуроуп. Ауааҧсыра ирдыруазар сҭахуп, ҳтәылаҿы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага 80 миллиард лари иаҟарахоит. Лымкаала, уаҩҧсык изы иҳаҧхьаӡар, 7 500 адоллар алҵуеит, ҳәарада, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла апрогресс ду иҟоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп аҵыхтәантәи ашықәс азы шәнызқь еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа шаҧаҳҵаз. Аусурҭадара арбага аҭоурыхтә минимум аҟынӡа илаҟәит, аҕарра арбага еиҵхеит, атуризм, аекспорт, аҩныҵҟатәи ааглыхра уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла азҳара ҳамоуп. Иааркьаҿны иуҳәозар, ахырхараҭақәа зегьы рыла адинамика бзиоуп.

Афактлатәи амобилизациа адинамика иазҧхьагәаҭаны, 2023 шықәсазы азеиҧш биуџьет ашәахтә ахашәала аплантә арбага азҳауеит 390 миллион лари ала. Иара убас, аҧсахтәқәа рырхынҳәреи егьырҭ ахашәалақәеи рплантә арбага азҳауеит 270 миллион лари ала. Абри зегьы абзоурала, иааиуа ашықәс азы ҳресурсқәа азҳауеит 660 миллион лари ала, убри иашьашәаланы, абри аҩызаҵәҟьа аицҵалыц ала азҳауеит азеиҧш биуџьетгьы, зынӡа азеиҧш биуџьет иалалоит 25 миллиард лари," - иҳәеит аҧыза-министр.

Ҩышықәса раҧхьа, социалла ихьчам ахәыҷқәа 50 лари ацхыраара роуан. 2023 шықәса ҧхынгәы 1 инаркны ари ацхыраара 200 лари иаҟарахоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, социалла ихьчам ахәыҷқәа рыцхрааразы иазҧхьагәаҭоуп 65 миллион лари.

„Аинтересс зҵоу даҽа аспектқәак ирызкны аинформациа шәысҭар сҭахуп. Анеҩстәи ашықәс азы атәанчахә, зхы иамыхәо ауааҧсыра уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла асоциалтә цхыраара аизырҳара ҳгәы иҭоуп. Уажәшьҭа арҭ акатегориақәа ирыцлоит социалла ихьчам ахәыҷқәагьы, даргьы аҧаратә цхыраара рзацаҳҵоит, уи абиуџьет уаанӡатәи авариант аҿы иазҧхьагәаҭамызт. Ишыжәдыруа ала, сымҩашьозар, ҩышықәса раҧхьа ахәыҷы цыҧхьаӡа 50 лари иоуан, 2023 шықәса ҧхынгәы 1 инаркны, 200 лари ацхыраара роуеит. Ахәыҷы цыҧхьаӡа 200 лари иаҳҭоит, уи аҵакы ду амоуп, ари аус иалаҳҵоит 65 миллион лари", - иҳәеит аҧыза-министр.

Хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа ажьырныҳәа 1 инаркны адекреттә ҧсшьараан 1000 лари ацынхәрас 2000 лари роуеит», - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла,уаанӡа ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, 2023 шықәса инаркны, ашколқәа рырҵаҩцәа адекреттә ҧсшьараан рулафахәы инагӡаны ироуеит.

«Адекреттә ҧсшьара азҵаара проблемас иҟан. Апарламентаҿ исыҳәеит ари азҵаара ҳаӡбарц, ҳара уи ҳалацәажәан, хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа адекреттә ҧсшьараан ироуа аҧара ҩынтә аизырҳара ҳаӡбеит. Ажьырныҳәа 1 инаркны дара 1000 лари ацынхәрас 2000 лари роуеит. Ишыжәдыруа ала, уаанӡа, ашколқәа рырҵаҩцәагьы рызҵаара ҳаӡбеит, анеҩстәи ашықәс инаркны, ашколқәа рырҵаҩцәа адекреттә ҧсшьараан рулафахәы инагӡаны ироуеит. Уажәы хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа рзгьы аӡбара ҳадаҳкылеит, дара 2000 лари ацхыраара роуеит», - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Ҳара ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи реиҭашақәыргылареи апрограмма алагара ҳаӡбеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, апрограмма нарыгӡоит 3 етапк рыла. Раҧхьатәи аетап иалагоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Апрограмма иазоурышьҭуеит 100 миллион лари. Зынӡа ари апрограммазы иазҧхьагәаҭоуп 1,3 миллиард лари.

„Зҵакы дуу даҽа аспектқәак сырзааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, аҵара аусхкы абиуџьет ацаҳҵеит 400 миллион лари. Абри аҧарала ҳара 500 школқәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи ҳалагоит, аха, убри адагьы, аҵара аусхкы иҵегьы иацҵаны иазоуҳашьҭуеит 150 миллион лари еиҳаны. Зҵакы дуу аӡбарак сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, атәыла зехьынџьара ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьа цәгьоуп. Ҳаҭыр зқәу Иракли Қарселаӡе, сара сыдҵала, ари азҵаара аус адиулеит. Ишеилкаахаз ала, 885 ахәыҷбаҳчақәа аханатә ирҽеитәуп. Убри аҟынтә, ҳара ахәыҷбаҳчақәа рыргылареи реиҭашьақәыргылареи апрограмма ҳалагарц ҳаӡбеит. Ари апрограмма 3 етапк рыла инагӡахоит. Актәи аетап иалагоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Ари апрограмма иалаҳҵоит 100 миллион лари. Зынӡа, инеизакны, апрограмма иазоуҳашьҭуеит 1,3 миллиард лари, атәыла зехьынџьара ахәыҷбаҳча ҿыцқәа ҳаргылоит.

Абри аҩызаҵәҟьа апрограмма ҳшалагахьоу жәдыруеит, ажьырныҳәа 1 инаркны ашколқәа рыргылареи рырҽеиреи ҳалагоит. Араагьы 800 школқәа роуп ҳазлацәажәо. Иааиуа ашықәс азы 500 школқәа рыргылареи рырҽеиреи ҳалагоит, уи ҳҿар рзы аҵакы ду амоуп, избанзар ҳхылҵ изҩыдоу, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәҳаршәароуп. Ари апроцесс ахәыҷбаҳчақәа рыла ҳалагароуп, анеҩс, ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи.

Иара убас, 30 миллион лари инаҳхуеит ашколқәа рҿы акомпиутертә лабораториақәа реиҿкааразы, уигьы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, атуристтә локациа ҿыцқәа рырҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, атуризм аусхкы иаларҵоит 200 миллион лари. Иара убас, аполициагьы иацҵаны 35 миллион лари аиуеит.

Ҳара ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит атуризм ҳтәыла аекономикатә аҿиараҿы алагала ду шыҟанаҵо, ари ахырхарҭа ҳара ҳзы аҧыжәара шамоу. Мызқәак раҧхьа атуристтә локациа ҿыцқәа рышьақәыргыларазы аусура ҳалагеит. Сара сыдҵала, апрограмма еиқәыршәоуп. Хара имгакәа, ҳуааҧсыра, уажәтәи алокациақәеи аҿыц локациақәеи рырҿиара иазку аконкреттә план рызцәыраагоит. Иааиуа ашықәс азы ҳара атуристтә локациа ҿыцқәа рырҿиареи уажәтәи алокациақәа рырҽеиреи апрограмма ҳалагоит, атуризм аусхкы азы, атуристтә локациа ҿыцқәа рырҿиара апрограммазы иазҧхьагәаҭоуп 200 миллион лари, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қарҭ аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара иазоурышьҭуеит 170 миллион лари.

„Иара убас, Қарҭ аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара иазоуҳашьҭуеит 170 миллион лари. Иара убас, ҳаҭыр зқәу Қарселаӡе дызхагыло аусбарҭа абиуџьет ацаҳҵоит 30 миллион лари. Акультуреи аспорти ирзоҳашьҭуеит 55 миллион лари, убри адагьы, ҳгәы зыздуу аполициа иацҵаны 25 миллион лари аиуеит.

Абиуџьет ҿыц аҿы иацҵаны иҳауз 660 миллион лари аресурс абарҭ ахырхарҭақәа ирзоуҳашьҭуеит. Ҳәарада, аҭахрақәа кырӡа иаҳа ирацәан, аминистррақәа аконкреттә планқәа цәырыргеит, аха, уажәтәи аетапаз абарҭ апроектқәеи апрограммақәеи хымҧада инагӡатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар урҭ ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ирыхәоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Сынтәа ҳара иацҵаны 400 миллион лари еиҳаны ҳазыҧшуп. Уи абзоурала, абиуџьет адефицит 3,1%-нӡа армаҷра ҳалшоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, ашықәс алагамҭазы абиуџьет адефицит 4,4% иҟан, уажәшьҭа ари арбага 3%-нӡа илаҟәхоит.

„Сынтәа ҳара иацҵаны 400 миллион лари еиҳаны ҳазыҧшуп. Уи абзоурала, абиуџьет адефицит 3,1%-нӡа армаҷра ҳалшоит. Ишыжәдыруа ала, ашықәс алагамҭазы абиуџьет адефицит 4,4% иҟан, уажәшьҭа ари арбага 3%-нӡа илаҟәхоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Ҳара зымҽхак дуу апроект ҳалагоит, - ахҵәацәа рзы анхарҭақәа рыргылара апроект. 7000 ҭаацәарақәа рзы анхарҭақәа ҳаргылоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, сынтәа ари апроект иазоурышьҭуеит 50 миллион лари еиҳаны.

„Ҳара зымҽхак дуу апроект ҳалагоит, - ахҵәацәа рзы анхарҭақәа рыргылара апроект. 7000 ҭаацәарақәа рзы анхарҭақәа ҳаргылоит.

Сынтәа ари апроект иазоурышьҭуеит 50 миллион лари еиҳаны ", - иҳәеит аҧыза-министр.

Атуризм ацхраара амзызла, анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟала атәылашҟа адунеитә аеҵәақәа - анагӡаҩцәа, артистцәа раагара ҳгәы иҭоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи, цәыббра алагамҭеи азы имаҷымкәа аконцертқәа мҩаҧгахоит.

„Атуризм арҿиара амзызла, анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылашҟа адунеитә аецәақәа рацәа - анагӡаҩцәеи артистцәеи ааҳгар ҳҭахуп. Рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи, цәыббра алагамҭеи азы астадионқәеи, иара убас, аконцерттә зал «Black Sea Arena»-и аҿы имаҷымкәа аконцертқәа мҩаҧгахоит. Ҳара ари апроект иазоуҳашьҭуеит 70 миллион лари, уи еиҧш алшара ҳамоуп. Анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ари апроект аҧара азоуҳашьҭуеит, уи иҵегьы атуристцәа рыдаҧхьалара иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Антерес зҵоу апрограмма еиқәҳаршәоит. Абарҭ аахадаратә аҧсахрақәа роуп сынтәатәи абиуџьети абиуџьет ҿыци рҿы иҟалаз. Ишыжәдыруа еиҧш, уаҵәашьҭахь, абҵара 30 рзы абиуџьет ҿыц апарламентахь идәықәаҳҵоит, апарламент аҟынтә адгылара ҳақәгәыҕуеит », - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы анхарҭақәа рзакәантәра азҵаарагьы иалацәажәеит.

„Иааркьаҿны ишәасҳәар сҭахуп аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы анхарҭақәа рзакәантәра азҵаарагьы ҳшалацәажәаз. 85 ҭаацәарақәа ҧаса дара иртәымыз анхарҭақәа рзышьақәҳарҕәҕәоит," - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, иара иоуз аинформациа инақәыршәаны, PSP апҭекақәа рҿы ауааҧсыра аҭырқәа медикаментқәа ирызкны ииашам аинформациа рырҭоит. Абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, аиҳабыра уи иџьбараны ақәҿыҭра арҭоит.

Мышәқак раҧхьа аинформациа ҷыдак сырҭеит. Ари аилахәыра аргама аасырҧшыр сҭахуп - PSP, ишсарҳәаз ала, PSP апҭекақәа рҿы ахархәаҩцәа аҭырқәа медикаментқәа ирызкны ииашам аинформациа рырҭоит. Иаҳҳәап, ишсарҳәаз ала, ахархәаҩ апҭекашҟа днеины аконкреттә ахәшә ааихәар аниҭаху, аҭиҩы диазҵаауеит иарбан медикаменту ииҭаху, зыхә ҳараку, зхаҭабзиара ҳараку, мамзаргьы, усҟак ибзиам, зыхә лаҟәу аҭырқәа ахәшә акәу. Абри аинформациа цқьа еилкаатәуп. Уи аахәаҩ ижьара ауп иаанаго. Уи ишиашо аҕара ауп иаанаго. Ахархәаҩ абас дужьар ҟалома, атәанчуаа, зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу ауааҧсыра роума егьырҭ роума, зегьы дара роуп, ауаа абас иужьар ҟалома. Абри аҩыза афакт иџьбараны ақәҿыҭра аҭахуп. Сара ҳаҭыр зқәу Зура Азарашвили ари азҵааразы сиацәажәахьеит. Абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, ҳара уи иџьбараны ақәҿыҭра аҳҭоит. Ҳара иааҧҵәаны уи ҳзақәшааҳаҭхом. Дареи ргәыҧ анапхгаҩцәеи иргараны иҟаз 200 миллион лари рзымгеит, уи еилкаауп, уи рәгы ишалоу аадыруеит, аха, шәызынтәгьы ижәдыруазар сҭахуп, аоппозициаагьы ираҳаратәы исҳәар сҭахуп, ҳазынтәгьы, раҧхьа иргыланы, ҳуааҧсыра реиҷаҳароуп иаҳуалу, абри ауп раҧхьа иргыланы иҟаҳҵаша. Убри аҟынтә, ари апроцесс аӡәгьы изааникылом, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Зураб Азарашвили ахәшәқәа рыхәқәа рырмаҷразы активла аус иуеит, аҧыза-министр иинициатива абзоурала, лымкаала, Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартра абзоурала, атәыла ауааҧсыра шықәсыкала 200 миллион лари аиҷаҳара рылшоит.

„Аҵыхәтәаны, даҽа зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, Зураб Азарашвили ахәшәқәа рыхәқәа рырмаҷра азҵааразы активла аус иуеит.

Ҳара ари ареформа ҵыҧх ажьырныҳәазы ҳалагеит. Усҟан, сара синициативала, ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа ааҳартит, ҳара аргама иаҳҳәеит зхаҭабзиара ҳараку, GMP астандарт змоу ахәшәқәа раагара ҳшалагоз, ари аус қәҿиарала инаҳагӡеит. Ишәгәылашәозар ҟалап, усҟан ари аус ақәҿиара шахылҵуа агәра зымгоз ауаа рацәан. Ибзианы исгәалашәоит, атәылашҟа ахәшәқәа аазгоз афармацевтикатә еилахәыра ду аҧшәма ари апрограмма акритика азиуан. Дара ааха ду шроуз еилыскаауеит, избанзар, абри ареформа абзоурала, абри аконкреттә аӡбарак абзоурала, ҳтәыла ауааҧсыра, шықәсыкала, инақәыршәаны, 200 миллион лари аиҷаҳара рылшоит.

Атәылашҟа ахәшәқәа аагоуп, аконкуренциа духеит, зхаҭабзиара ҳараку аҭырқәа медикаментқәа ааҳгеит, ахәшәқәа рыхәқәа маҷхеит. Ишәгәалашәозар ҟалап, аконкреттә ҿыҧштәқәа даараӡа ирацәан, 200-300 лари иаҧсаз ахәшәқәа уажәы 30-40-50 лари иаҧсоуп,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы социалла ихьчам ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәара апрограмма дазааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурҭа роуеит 30 000-ҩык раҟара социалла ихьам ауааҧсыра. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәылаҿы социалла ихьчам, аха аусура зылшо 200 000-ҩык раҟара иҟоуп, аиҳабыра урҭ рызынтәгьы аусура иалагар ауп ирҭаху.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, социалла ихьчам ауааҧсыра ауаажәларратә усураҿы рылахәызаара мацара акәымкәа, иара убас, аҵакы ду амоуп етапла рзанааҭтә гәырҵҟәыл арҿиарагьы.

„Мызқәак раҧхьа ҳара аинициатива ҿыц анагӡара ҳалагеит. Уи социалла ихьчам ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәара иазкын. Иара убас, европатәи амодельгьы, европатәи аҧышәа иҟоуп. 30 000-ҩык раҟара социалла ихьчам ауааҧсыра аусура иалагахьеит, - урҭ рхыҧхьаӡара рацәам, аха, имаҷым. Ари аганахьала иаҳа идуу аресурс ҳамоуп. Атәылаҿы социалла ихьчам, аха аусура зылшо 200 000-ҩык раҟара иҟоуп. Урҭ рызынтәгьы аусурҭала еиқәҳаршәар ҳҭахуп. Ауаажәларратә усура мацара акәымкәа, етапла рзанааҭтә гәырҵҟәыл арҿиарагьы аҵакы ду амоуп. Абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, хазхаҭалатәи асектор аҿы аусзуҩцәа рызхом ҳәа рҳәеит, абизнесхаҭарнакцәа ари азҵаара иалацәажәеит аиҳабыра рнапхгаҩы ианиҧылоз.

„Ҳзыргәамҵуа даҽа зҵаарак саҭааҭгылар сҭахуп. Абри аҟара аусуратә ҭыҧқәа шаҧаҳҵазгьы, аусураҭаҩцәа рацәа, ҷыдала аргыларатә сектори егьырҭ асекторқәеи рҿы, аусураҭаҩцәа ахашшаара иаҿуп аусзуҩцәа ҳазхом ҳәа. 100 000 еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа аҧҵоуп, аха, иаҳа ирацәаны иаҭахуп. Атәылаҿы акырӡа иаҳа ирацәаны ауааҧсыра аусура рылшоит. Мчыбжьқәак раҧхьа, сара схаҭа абизнесхаҭарнакцәа сырҧылеит, рызынтәгьы, еицҿакны ирҳәеит, аусуратә мчы азырҳатәуп ҳәа. Аиҳабыра уи зларылшои. Ҳәарада, абизнес аҟны аимадара арҭбаареи еиқәшаҳаҭны аусеицуреи ҳазыхиоуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура