Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa ԥхынкәын 19 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-12-19

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарада, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 17 зҵаара ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра алахәылацәа ҲудонГес аахәара иазку азҵаара иахәаҧшит, убри ашьаҭала, зыӡбахәы ҳәоу аӡфымцатә станциа аҳәынҭқарра аҭара иазку аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун „Аелектронтә коммерциа иазку" Қырҭтәыла азакәан апроекти аелектронтә коммерциа иадҳәалоу азинтә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо егьырҭ азакәанпроектқәеи.

Аекономика аминистррала ицәыргаз азакәан ҿыц, аелектронтә коммерциа апроцесс аҿы амаҵзура хархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи амаҵзура аҭаҩцәа рыла аминималтә информациа аҭара аҧхықәреи еиқәнаршәароуп, уи амаҵзура аҭаҩцәа рахь агәрагара азнарҳауеит, иара убас, амаҵзура ахархәаҩцәа ирызцәырҵыр зылшо ашәарҭарақәа еиҵнатәуеит.

Азакәанпроект аус адырулеит Евроеидгылаҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу, абжьаратә сервисқәа рпроваидерцәа рзинқәеи рыҧхықәрақәеи Қырҭтәыла азакәанаҿ аарҧшра иазку аҧхықәрақәа ирышьашәаланы. Апроект аус адырулеит USAID атехникатә цхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа иазааҭгылеит „Аҳәынҭқарра аҿартә стратегиа 2023-2026" ашьақәырҕәҕәара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи ихиаалан Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрраҟны еиқәшаҳаҭны. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҿар ирызку аусхкы аҿы раҧхьатәи стратегиоуп, уи ари аусхкы аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә напхгагахоит.

Убри адагьы, аиҳабыра алахәылацәа, Қырҭтәыла аҧшатәи, амратәи, аӡытәи станциақәа рырҿиара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵарақәагьы ирыхәаҧшит. Зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа рымҽхак 295 мегаватт еиҳауп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура