Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпуси жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ашықәсҿыцтәи адкылараҿы идикылеит

2023-12-19

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпуси жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ашықәсҿыцтәи адкылараҿы идикылеит, аиҳабыра рнапхгаҩы дицын иҧҳәыс Нунука Ҭамазашвили.

Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәа иааиуа аныҳәақәа рыдныҳәаланы, адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аныҳәатә адкылараҿ иҟан анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәагьы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура