Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Италиа ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит Print Version

2023-12-27

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Италиа ацҳаражәҳәаҩ - Енрико Валвос диҧылеит, аиҧылара аиҧырҵратә ҟазшьа аман.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун атәылақәа рыбжьара аусеицура ҕәҕәеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи, уи лабҿаба иубарҭоуп атәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз зыҩаӡара ҳараку аполитикатә диалог алагьы. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Италиеи рыбжьара аимадара иаҳа арҿиара алшара ахьыҟоу хырхарҭақәак.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Европатәи евроатлантикатәи структурақәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцессаҿ Италиа аҟынтә адгылара аҵаки Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбареи.

Енрико Валво аҧыза-министр даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит Италиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҳабыра рнапхгаҩы италиатәи адипломат ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иара ацҳаражәҳәаҩс даныҟаз ҩ-тәылак русеицура арҭбаара аус аҿы иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан, иара убас, наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура