Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa абҵара 3 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2023-11-03

Иазгәасҭар сҭахуп абиуџьет консервативла ишеиқәыршәоу, 2024 шықәсазы ҳара 5%-тәи аекономикатә азҳара иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҧхьагәаҭа 85 миллиард 370 миллион лари иаҟарахоит.

„Иахьа ҳара ҳаизеит абиуџьет апроект ириашоу авариант апарламентахь адәықәҵаразы.

Ишыжәдыруа еиҧш, абиуџьет раҧхьатәи авариант интенсивла аус адааулеит, анеҩс, цәыббра анҵәамҭаз, ари авариант апарламент иадаагалеит, убри ашьҭахь, иахьанӡагьы, аминистрра цыҧхьаӡа аҽалархәрала аусура наҳагӡон, иара убас, апарламенттә аиҳареи, акомитетқәеи рылахәылацәа ҳарҧылеит, дара рызынтәгьы абиуџьет раҧхьатәи авариант иазкны ҳрацәажәеит, нас, аусура наҳагӡан, уажәы аҩбатәи авариант шәыдаагалоит.

Иазгәасҭар сҭахуп абиуџьет консервативла ишеиқәыршәоу, 2024 шықәсазы ҳара 5%-тәи аекономикатә азҳара иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп абиуџьет адефицит шмаҷхаз, 2024 шықсазы 2,5% адефицит ҳамазаауеит, анеҩстәи ашықәсқәа рзы ари арбага иаҳа илаҟәхоит, аиҳабыра руал 38,2 % иаҟароуп, уи даараӡа имаҷуп, хышықәса раҧхьа 60% еиҳаны ауал ҳаман, ари ауал ирласны армаҷра ҳалшеит.

Абиуџьет абас, консервативла ишеиқәыршәоугьы, аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ азҧхьагәаҭа 85 миллиард 370 миллион лари иаҟарахоит - атәыла аекономика зегьы 85 милилард 370 миллион иаҟарахоит. Ҳуааҧсыра аиҿырҧшразы иргәаласыршәар сҭахуп 2012 шықәсазы ари арбага 27 миллиард лари ишаҟараз, ҽакала иаҳҳәозар, ҳара ҳнапхгараан, 11 шықәса рыла атәыла аекономика хынтә иазҳаит. 2024 шықәсазы 85 миллиард ҳауеит, 2012 шықәсазы 27 миллиард лари акәын иҟаз", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абри аҩыза аласрала азҳара нагӡахар, 2027 шықәсанӡа аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага шьҭыҵуеит 108 миллиард лари аҟынӡа, уаҩҧсык изы иҳаҧхьаӡар, 10 800 адоллар алҵуеит.

„Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп 2020 шықәсазы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 50 миллиард лари ишаҟараз, даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп, хышықәса рыла ари арбага азҳаит 30 миллиард рыла. Уаҩҧсык изы иҳаҧхьаӡар, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага 4250 адоллар иаҟаран, 2024 шықәсазы ари арбага шьҭыҵуеит 8500 адоллар аҟынӡа. Хышықәса мацара рыла абри аҩыза азҳара ҳамоуп.

Абри аҩыза аласрала азҳара нагӡахар, 2027 шықәсанӡа аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага шьҭыҵуеит 108 миллиард лари аҟынӡа, уаҩҧсык изы иҳаҧхьаӡар, 10 800 адоллар алҵуеит.

Абри азҧхьагәаҭара агәыҕра ду ҳнаҭаоит. Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара 2030 шықәсанӡа 10 000 адоллар ҟалоит ҳәа ҳгәыҕуан, нас, шәахәаҧш, 2-3 шықәса рыла изакәытә қәҿиароу иҳамоу", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, 2024 шықәсазы азеиҧш биуџьет ахарџьтә хәҭа иадҳәаланы аханатә 27 миллиард 800 миллион иазҧхьагәаҭаны иҟан. 27 миллиард 800 миллион лари аҳәаақәа ирҭагӡаны ахырхарҭақәа зегьы рфинансыркра аизырҳара иазҧхьагәаҭан, атәынчахә ацҵарагьы.
„Хыхь иазгәаҭоу апараметрқәа абиуџьет ириашоу авариант аҿгьы иҳамҧсахит.

Абарҭ апараметрқәа инрықәыршәаны, 2024 шықсазы азеиҧш биуџьет ахарџьтә хәҭа иадҳәаланы аханатә 27 миллиард 800 миллион иазҧхьагәаҭаны иҟан. 27 миллиард 800 миллион лари аҳәаақәа ирҭагӡаны ахырхарҭақәа зегьы рфинансыркра аизырҳара иазҧхьагәаҭан, атәынчахә ацҵарагьы. Ишәгәаласыршәар сҭахуп ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы атәанчахә шацлаз, 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра 500 лари атәанчахә роуеит. 70 шықәса зхымҵыц - 400 лари роуеит. Иара убас, 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы 30% рзацаҳҵеит, аполициа аусзуҩцәеи аруааи 45-50% рзацлеит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп иааиуа ашықәс инаркны аҵара афинансыркра 400 миллион лари ала ишазҳауа.

Азҳара ду шыҟоугьы, абиуџьет ҳанахәаҧшуаз иҵегьы аҭахрақәа аарҧшын. Ҳара апарламентаҿ ҳҩызцәагьы абри азҵааразы ҳрацәажәеит, аинтерес зҵоу абжьагарақәа ҳарҭеит, ҳәарада, ҳара урҭ иазҧхьагәаҳҭеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра, аҵыхәтәантәи 9 мза рыҩныҵҟала абанктә усхкы аҿы иҟаз атенденциақәа анализ рзуны, ишеилыркааз ала, 2024 шықәсазы абанк/афинанстә сектор аҟынтәи иацҵаны 300 миллион лари ахашәала аиура ҟалоит.

„Ҳара абри аамҭа иалагӡаны интенсивла аус аауан, иацҵаны аресурсқәа ахьынтәааҳгаша ҳазхәыцуан. Аҵыхәтәантәи 9 мза рыҩныҵҟала абанктә усхкы аҿы иҟаз атенденциақәа анализ рзуны, ишеилаҳкааз ала, 2024 шықәсазы абанк/афинанстә сектор аҟынтәи иацҵаны 300 миллион лари ахашәала аиура ҟалоит. Дара ирымоу ахашәала иазҧхьагәаҳҭоит, ҳара ари апроцесс ацклаҧшра наҳагӡоит, иацҵаны аресурсқәа ахьынтәааҳгаша ҳазхәыцуан. 2024 шықәсазы абанк/афинанстә сектор аҟынтәи иацҵаны 300 миллион лари ахашәала аиура ҟалоит.

Иара убас, апарламенттә аиҳара аинициатива ҿыц рызцәыраагеит, уажәы ари аинициатива ҳуааҧсырагьы идсырдырыр сҭахуп. Ахәмарратә бизнес аҟынтә ахашәалазы ашәахтә азырҳатәуп, уажәазы иҟоу 10% рцынхәрас 15% иҟаҵатәуп, насгьы, ахәмарратә бизнес аҟынтә аҧара агаразы ишьақәгылаз 2% ашәахтә ацынхәрас 5% иҟаҵатәуп.

Иара убас, ҳуааҧсыра идсырдырыр сҭахуп абарҭ аиҭакрақәа рыбзоурала, абиуџьет иҵегьы 400 миллион лари шаиуа. 300 абанкқәа рҟынтәи, иара убас, 400 миллион ахәмарратә бизнес аҟынтәи, убри аҟынтә, 2024 шықәсазы атәыла, иацҵаны 700 миллион лари аиуеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы гәалсрала иазгәеиҭеит ахәмарратә бизнес аҿы аҧареикәшара ишазҳауа.

"Ганкахьала - уамашәа избоит, егьи аганахьала, даараӡа сгәы иалоуп ахәмарратә бизнес аҿы аҧареикәшара азҳара ишаҿу анызбо. Сара уи даараӡа саргәамҵуеит, избанзар, ҳтәылауаа рацәа иахьагьы ахәмарратә бизнес иалахәып. Ус баша, аинформациак аҳасабала ишәасҳәар сҭахуп 2022 шықәсазы ахәмарратә бизнес аҿы аҧареикәшара 48 миллиард аҟынтәи 52 миллиард аҟынӡа ишазҳаз, ари арбага даараӡа идууп, уи даараӡа ицәгьоуп. Ауаа рацәа иахьагьы ахәмарратә бизнес иалахәып. Ишыжәдыруа еиҧш, ҵыҧх ҳара акрызҵазкәа аиҭакрақәа мҩаҧаагеит, аӡыргара ақәиҭымтәра ҳаӡбеит, иара убас, 25 шықәса зхымҵыц ҳтәылауаа ахәмарратә бизнес аҽалархәра азин рымаҳхит. Уажәшьҭа миллионибжаки ҳтәылауаа ахәмарратә бизнес изалахәхәом. Аха, уезгьы, ишаабо ала, иахьагьы ахәмарратә бизнес иалахәы ауаа рацәоуп. Убри аҟынтә, ҳара ари абизнес азы ашәахтә аизырҳара ҳаӡбеит, ишысҳәаз еиҧш, ари абизнес аҟынтә иацҵаны 400 миллион лари ҳауеит. Аҩызцәа, ирҿыцу авариант инақәыршәаны, зынӡа абиуџьет азҳауеит 700 миллион рыла, уажәшьҭа азеиҧш биуџьет 28 миллиард 500 миллион лари иаҟарахоит, 2024 шықәсазы 28 миллиард 500 миллион лари иаҟароу абиуџьет ҳамазаауеит. Аиҿарҧшразы ишәасҳәар сҭахуп 2012 шықәсазы атәыла абиуџьет 9 миллиард ишыҟаз, 11 шықәса рыла ҳтәыла абиуџуьет азҳаит 20 миллиард рыла. Ишыжәбо еиҧш, ҳусура алҵшәа бзиа ахылҵит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра иацҵаны 160 миллион лари азоурышьҭуеит.

„Иацҵаны иҳауз абарҭ 700 миллион реизшара сазааҭгылар сҭахуп, арҵаҩцәа ҳанырҧылоз ишаҳҳәаз еиҧш, Аҵара аминистрра иацҵаны 160 миллион лари аиуеит. Зынӡа Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра 2 миллиард 500 миллион лари абиуџьет амоуп. Аиҿырҧшразы иазгәасҭар сҭахуп, Аҵара аминистрра абиуџьет 2012 шықәса инаркны 1 миллиардки 800 миллиони лари ала ишазҳаз - аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла 300 наӡынатәи азҳара ҳамоуп. Араагьы ибзиаӡаны иубарҭоуп аҵара аусхкы ҳшазныҟәо.

Акыр иаҧсоу ҳарҵаҩцәа ишрасҳәаз еиҧш, 2024 шықәсазы арҵаҩцәа рџьаусҧса ацлоит 500 лари, џьоукы 600 ма 700 лари рзацлар ҟалап. Аџьаусҧса абас аизырҳара аҵакы ду амоуп, ҳарҵаҩцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа раҳәаны, ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп. Ашколқәа рырҽеиреи рыргылареи инаваргыланы, абри аинициативагьы аҵакы ду амоуп, избанзар, аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәра иацхраауа, зҵакы дуу компонентуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчара аминистрра иацҵаны аиуеит 65 миллион лари, ари аминистрра абиуџьет 7 миллиард 800 миллион лари иаҟарахоит.

„Агәабзиарахьчара аминистрра иацҵаны аиуеит 65 миллион лари, ари аминистрра абиуџьет 7 миллиард 800 миллион лари иаҟарахоит. Араагьы 2012 шықәса инаркны арадикалтә аиҭакрақәа ҟалеит - аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла Агәабзиарахьчара аминистрра абиуџьет азҳаит 6 миллиард лари рыла. 2012 шықәсазы Агәабзиарахьара аминистрра абиуџьет хәыҷын - араагьы 325 наӡынатәи азҳара ҳамоуп.

Уажәы апроект ҿыцқәеи аинициатива ҿыцқеи сырзааҭгылар сҭахуп. Агәабзиарахьчара апрограммақәа иаҳа ирацәаны аҧара рзоуҳашьҭуеит, анеҩстәи шықәсык аҩныҵҟала, атәынчуаа зегьы, ачымазара лаҽқәа рхәышәтәразы иаҭаху ахәшәқәа зегьы хәыда-ҧсада ироуеит. Инақәыршәаны, 400 000-ҩык раҟара атәанчуаа ҳамоуп. Ҳәарада, ари аинициатива даараӡа ирыцхраауеит. Убри адагьы, атәанчуаа ртәанчахә азҳаит, уажәы дара 500 лари роуеит, - 2012 шықәсазы 110 лари акәын ирымаз, уажәшьҭа 500 лари атәанчахә рымоуп, иара убас, ишысҳәаз еиҧш, ачымазара лаҽқәа змоу атәанчуаа 2024 шықәсазы хәыда-ҧсада ахәшәқәа роуеит, ҳара ари атенденциа наҳагӡоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, акьыба ачымазара змоу апациентцәа заанаҵы агәаҭарақәа рымҩаҧгаразы аҧара рзоушьҭра иалагеит, ари апрограмма ахарџьқәа рацәа ирыдҳәалоуп.

„Ҳара аҧара абас иаҳшеит: агәабзиарахьчара апрограммақәа иаҳа ирацәаны аҧара рзоуҳашьҭуеит, иааиуа ашықәс азы ачымазара лаҽқәа рзы амедикаментқәа здызкыло атәанчуаа шықәсык иалагӡаны хәада-ҧсада ахәшәқәа роуеит. 2012 шықәсазы 110 лари иаҟараз атәанчахә 500 лари аҟынӡа иазҳаит. Ҳара иҟаҳҵаз ашьаҿақәа рыбзоурала, 2024 шықәсазы ҳтәылауаа ахәахтәқәа рыла 300 миллион инаркны 400 миллион лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит. Ҳара абри аҩыза азҧхьагәаҭарақәа ҳамоуп, ҳтәылауаа хырҳагара ду роуеит. Ахәшәқәа рыхәқәа маҷхеит, аминистрраҿы акрызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалеит, ҳара ари апроцесс ҳахылаҧшны, иаҳа еиҕьаҳтәуеит.

Иара убас, Зураб Азарашвили иинициатива ҿыц инақәыршәаны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа зыхә цәгьоу заанаҵтәи агәаҭарақәа рзы аҧара рзоуҳашьҭуеит.

Амчтә структурақәа рхаҭарнакцәа рзы зҵакы дуу ажәабжь бзиа ҳамоуп. Ҳара ишыҳаӡбаз ала, ҧасатәи аполициа ахаҭарнакцәеи, амаҵзура ҷыдақәа русуҩцәеи, аруааи ртәанчахәы 1000 лари иаҟарахоит. Иара убас, - инақәырәшаны 20%-ла иазҳауеит аусуратә стаж ашықәс цыҧхьаӡазы аҧаратә аицҵалыҵ. Амчтә структурақәа зегьы сраҭабууп, дара ирыхәҭоу атәанчахә рымазаауеит, иҳауа ахашәала инақәыршәаны етапла ртәанчахә ацаҳҵоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз, мамзаргьы ахәрақәа рымшала иҧсыз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа рзы акомпенсациа азҳаит, уажәшьҭа дара 1000 лари ацынхәрас, 1200 лари роуеит.

„Амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз, мамзаргьы ахәрақәа рымшала иҧсыз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа даҽазнык аҭабуура рзаасырҧшыр сҭахуп. Дара ироуа акомпенсациа 1000 лари аҟынтә 1200 лари аҟынӡа азҳауеит. 2012 шықәсазы акомпенсациа 0 иаҟаран. Ҳара иҳадаҳкылаз аӡбарала, дара есымза 1200 лари акомпенсациа роуеит. Ахьӡ-аҧша рымазааит ҳфырхацәа!", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, мшаҧы 9 алахәылацәеи аполитикатә репрессиақәа зхызгаз ауааҧсыреи рҭаацәарақәа есымза ироуа абзазаратә субсидиақәа ирыцлоит, уигьы аҧара рацәа аҭахуп.

„Ҳара агәыҧқәа зегьы рҭагылазаашьа еиҕьаҳтәуеит. Мшаҧы 9 алахәылацәеи аполитикатә репрессиақәа зхызгаз ауааҧсыреи рҭаацәарақәа есымза ироуа абзазаратә субсидиақәа ирыцлоит, уигьы аҧара рацәа аҭахуп, ари аусгьы миллионла аҧара алаҳҵоит, уаанӡа ироуаз аҧара маҷын, уажәшьҭа ҧшьынтә, хәынтә еиҳаны ироуеит.

Иара убас, иааиуа ашықәс азы ҳара апрограмма ҿыц ҳалагоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, анхарҭада иҟоу, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәарақәа етапла анхарҭала еиқәҳаршәоит. Сара сыдҵала, арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа ҭаҳҵааит, хҩык еиҳаны ахылҵ змоу аҭаацәарақәа анхарҭада иҟазар, ҳәарада, рҭагылазаашьа цәгьахоит, абас еиҧш иҟоуп 1000 раҟара аҭаацәарақәа, хҩык ма еиҳаны ахылҵ змоу, социалла ихьчам, урҭ рҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп. Убри аҟынтә, аӡбара ҳадаҳкылан, 1000 раҟара аҭаацәарақәа ауадақәа рзааҳхәоит, уажәшьҭа дара уаҩҵас анхара рылшоит. Ари апрограмма ҩба-хҧа шықәса инагӡахоит. Ҳара ари апрограмма ҳаҧхьаҟа ҳалагоит, уигьы зынӡа 50 миллион лари азоуҳашьҭуеит, 25 миллион лари инаҳхуеит 2024 шықәсазы, нас, 2025 шықәсазы иҵегьы 25 миллион инаҳхуеит. Ҳтәылауаа аиҳабыра рҟынтә абри аҩыза хшыҩзышьҭра рымазароуп, уи иаҵанакәа рацәоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Аекономика аминистрра иацҵаны 150 миллион лари аиуеит, зынӡа ари аминистрра 800 миллион лари абиуџьет амазаауеит.

„Аекономика аминистрра иацҵаны 150 миллион лари аиуеит, зынӡа ари аминистрра 800 миллион лари абиуџьет амазаауеит. Аиҿарҧшразы иазгәасҭар сҭахуп 2012 шықәса инаркны ари аминистрра абиуџьет азҳаит 326 миллион лари ала. Араагьы зҵакы дуу ажәабжь ҿыц шәасҳәар сҭахуп. Анаклиатәи абаҕәаза аргыларазы иазҧхьагәаҭоуп 70 миллион лари. 50 миллион лари ари апроект иалаҳҵоит 2024 шықәсазы, 20 миллион сынтәа иазоуҳашьҭхьеит. Ҳара ари апроект иалаҳҵараны иҟоу аҧара еизаҳгахьеит, аплан инақәыршәаны, ааҧынразы аргыларатә усурақәа иалагоит. Иара убас, аинвестор ҿыц иалхра апроцесс активла имҩаҧысуеит, уи хара имгакәа ихыркәшахоит, ҧхынҷкәын ма ажьырныҳәа иахымгакәа аиааира зго аинвестор дааҳарҧшуеит, нас, 2024 шықәса хәажәкыра-мшаҧы иахымгакәа Анаклиатәи абаҕәаза аргылара ҳаицалагоит, абасоуп ҳпланқәа шыҟоу.

Аекономика аминистрра аҳаирбаҕәазақәа рыргылара иаланаҵоит 70 миллион лари. Араҟа Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза аҧырратә цәаҳәа ҿыц аргылареи, иара убас, Ҭелавии Вазиании аҳаирбаҳәазақәа рпроектқәа реиқәыршәареи, аҭҵаарақәа рхыркәшареи ауп ҳазлацәажәо", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра апроектқәа иҵегьы 50 миллион лари рзоурышьҭуеит, аха, аминистрра 3 миллиард 400 миллион абиуџьет амазаауеит.

„Анеҩстәи азҵаара - Арегионалатә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра апроектқәа, урҭ иацҵаны ирзоуҳашьҭуеит 50 миллион лари, аха, зынӡа аминистрра 3 миллиард 400 миллион лари абиуџьет амазаауеит, 2012 шықәса инаркны аминистрра абиуџьет азҳаит 2 миллиард 700 миллион лари ала, ҳаҭыр зқәу Қарселаӡе анапхгара ззиуа аминистрра абиуџьет азҳаит 419%-ла, 2012 шықәсазы ари аминистрра абиуџьет 2 миллиард 700 миллион лари иаҟаран, ҳәарада, ари аусхкы аҿгьы азҳара ду ҳамоуп. Абри зегьы иубарҭоуп, шәара ибзиаӡаны ижәбоит атәыла зехьынџьара амҩақәа, ацҳақәа, автобанқәа, амагистральқәа уҳәа, активла аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа. Амуниципалитетқәа зегьы рырҿыцреи акурортқәа реиҭашьақәыргылареи ҳаҿуп. 2024 шықәсазы аинтерес ду зҵоу апроектқәа рынагӡара ҳгәы иҭоуп, 10 қалақьк рҿы зымҽхак дуу аусурақәа рымҩаҧгара ҳалагоит, атуристтә 10 қалақьк алхны иҳамоуп: Борџьоми, Ҟазбеги, Местиа, Баҭым, Қәҭешь, Ҭелави, Жәыргьыҭ, 2024 шықәсазы арҭ ақалақьқәа рҿы аиҭакра дуқәа ҟалоит. Иара убас, сынтәа Рикоҭтәи ахыҵхырҭаҿ амагистраль хада аргылара хыркәшахоит, ари ахырхарҭалагьы аиҭакра дуқәа ҟалоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа иацҵаны ирзоурыжьҭуеит 110 миллион лари.

„Қарҭи арегионқәеи рҿы имҩаҧысуа апроектқәа иацҵнаы ирзоуҳашьҭуеит 110 миллион лари, уажәазы арегионқәа рзы зынӡа иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп 450 миллион лари, аха, иҟало аабап, иҵегьы рзацаҳҵаргьы ҟалап, арегионқәа 500 миллион аҟынӡа рзоушьҭра ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аҧара амуниципалитетқәа ирзыршоит, нас, дара аинтерес зҵоу апроектқәа рынагӡара иалагоит.

Қарҭ абиуџьетгьы азҳауеит. Аиҿырҧшразы иазгәасҭар сҭахуп, 2012 шықәсазы Қарҭ абиуџьет маҷын. 2024 шықәсазы Қарҭ миллиард 875 миллион абиуџьет амазаауеит, Қарҭ абиуџьетгьы 173%-ла иазҳаит, ҳәарада, ари арбагагьы даараӡа ибзиоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Амчтә структурақәа ирыдҳәаланы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, 200 миллионла азҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи рбиуџьет.

„Амчтә структурақәа сырзааҭгылар сҭахуп ишыжәдыруа еиҧш Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи рбиуџьет азҳаит 200 миллион лари рыла. Атәылахьчара аминистрра 10 миллион азацаҳҵоит. 50 миллион Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҳҭоит, ари аҧара аҟынтә 20 миллион лари абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә машьынақәеи атехникеи раахәара иахҭнырҵоит„ уи аҵакы ду амоуп. Ишыжәдыруа еиҧш, 3 вертолиотк аҿаҵаны иҳамоуп - афранцызтә вертолиотқәа ааҳхәахьеит, 2024 шықәсазы урҭ етапла иҳауеит. Аспорт аусхкы иацҵаны 20 миллион лари азоуҳашьҭуеит, ари аҧара аҟынтәи 15 миллион аспорттә федерациақәа ироуеит, 5 миллионк зҽаҧсазтәыз аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, аҳақьымцәеи есымзатәи рстипенциақәа реизырҳара иазкуп. Иара убас, аҵыхәтәаны, аелектронтә алхрақәа азҵаара сазааҭгылар сҭахуп. Алхратә комиссиа хада иацҵаны 25 миллион лари азоуҳашьҭуеит, зынӡа акомиссиа 125 миллион лари абиуџьет амазаауеит, ари аҧара аелектронтә алхрақәа рымҩаҧгара иазкуп. Абарҭ азҵаарақәа роуп абиуџьет ириашоу авариант аҿы иазҧхьагәаҭоу. Иахьа ҳара аҩбатәи авариант апарламентахь идәықәаҳҵоит, иҵегьы мызкы ҳамазаауеит, ҳареи апарламенти активла аус еицаауеит, абиуџьет иаҳа еиҕьаҳтәуеит, иҵегьы иҳариашоит, сгәы ишаанаго ала, 2024 шықәсазы ҳара ҳҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа зегьы рыӡбара ҳалзыршо абиуџьет ҕәҕәа ҳамазаауеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура