Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa абҵара 13 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2023-11-13

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 10 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун азакәанпроект ҿыц, уи инақәырәшаны, Қырҭтәыла Акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрра иаҵанакәа Аҿар рагентра Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистррашҟа ииасуеит. Убри аҟынтә, аминистрра ахьӡ рыҧсахуеит, уажәшьҭарнахыс уи иахьӡазаауеит - Қырҭтәыла Аҵареи, аҵарадырреи, аҿари русқәа рзы аминистрра.

Иара убас, аилатәараҿы ишьақәдырҕәҕәеит Аекономика аминистрра ицәырнагаз ақәҵара апроект, уи инақәыршәаны, қьырала адгьылҭыҧқәа змаз 14-ҩык атәылауаа ирырҭоит 305 гектар еиҳаны ақыҭанхамҩатә адгьылҭыҧқәа. Арҭ адгьылҭыҧқәа Хони, Жәыргьыҭи, Мцхеҭеи, Душеҭии, Хобии, Гардабании, Абашеи, Гории, Сиҕнаҟи, Сагареџьои амуниципалитетқәа рҿы иҟоуп.

Зыӡбахәы ҳәоу атәылауаа арҭ адгьылҭыҧқәа рырҭоит „Ақыҭанхамҩатә адгьылтә ресурсқәа рхархәара аманшәалара" аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, дара арҭ адгьылҭыҧқәа рыхә аҟынтә 75% ршәоит. Азеиҧш априватизациатә аҧаратә аицҵалыҵ 3 085 206 лари иаҟароуп.

Аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәаз ақәҵарақәа иреиуп аҧшатәи амратәи афымцатә станциақәа ирызку 2 проектк. 30 мегаватт амч зауа, Шида Қарҭли арегионаҿ зыргылара ргәы иҭоу аҧшатә афымцатә станциа аргыларазы аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу атехника-економикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит. Зынӡа ари апроект иаларҵоит 45 миллион адоллар аинвестициа.

Амратә афымцатә станциа дыргылараны иҟоуп Шида Қарҭли, Гори амуниципалитетаҿ. Астанциа 6,259 мегаватт амч амазаауеит, уи 4,06 миллион адоллар аинвестициа аларҵоит. Апроект иадҳәаланы, аргылара афаза алагара иазку аиқәшаҳаҭра рыдыркылоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура