Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa абҵара 20 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2023-11-20

..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 9 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы аиустициа аминистр идиҵеит аргыларатә амнистиа апроект аус адулара иалагарц, ари апроект афизикатә хаҿқәа иртәу адгьылҭыҧқәа рҿы аргыларатә документқәа рыда идыргылаз анхарҭатә ҩнқәа ирызкуп.

Аҧсахрақәа ианрылацәажәоз ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара абзоурала, ганкахьала, наҟ-наҟ закәандарала аҩнқәа рыргылара апрактика аҧыхзаауеит, егьи аганахьала, ақыҭан ма ақалақьаҿ ахатә ҩнқәа змоу, аха, аргыларатә документациа змам атәылауаа ахарџьқәа рацәа зцу, иуадаҩу алегализациа апроцедура ахысра рықәшәом.

Амнистиа рыдкьыслоит миллионҩык раҟара атәылауаа.

Аамҭакьаҿ иалагӡаны, Рати Брегаӡе аиҳабыра реилатәараҿы ари апроект цәыригоит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура