Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa абҵара 27 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2023-11-27

Аконсервативтә апланшьҭыхра аангьы аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа иадҳәалоу азҧхьагәаҭа 86 миллиард лари иаҟароуп, 2012 шықәсазы атәыла аекономика зынӡа 27 миллиард лари иаҟаран, аҵыхәтәантәи 11-12 шықәса рыла атәыла амилаҭтә економика хынтә азҳаит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, 2027 шықәсазы атәыла аекономика, аминимум, 108 миллиард лари иаҟарахоит, уаҩҧсык изы иуҧхьаӡар, 11 000 адоллар алҵуеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы уи акрызҵазкәа прогрессуп.

„Иахьа зҵакы дуу азҵаарақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟасҵар сҭахуп, ҳуааҧсыра аинформациа рысҭоит. Раҧхьа иргыланы, ишәасҳәар сҭахуп иахьа абиуџьет аҵыхәтәантәи авариант ҳшахәаҧшуа, аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟала ҳара - аиҳабыреи апарламенти ари авариант активла аус адааулон, ҳәарада, аминистрцәеи ҳареи шьаҭанкыла еилҳаргеит 2024 шықәсазы инаҳагӡо аинициативақәа зегьы. Апарламенти ҳареи интенсивла аус еицаауан, иахьа ишәыдаагалоит абиуџьет аҵыхәтәантәи авариант. Абиуџьет бзиа алҵит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари апроцесс иалахәыз ауааҧсыра зегьы, ҳгәыҧ алахәылацәа, афинансқәа рминистри игәыҧи, рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, ибзиаӡаны аус руит. Абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоу ахадаратә параметрқәа даҽазнык иааркьаҿны срыхцәажәар сҭахуп. Иазгәасҭар сҭахуп, уажәтәи абиуџьетгьы консервативла еиқәыршәоуп, ҳара 5%-тәи аекономикатә азҳара иазҧхьагәаҳҭеит. Иара убас, абиуџьет адефицит даараӡа иҳармаҷит, адефицит 2,5% иаҟарахоит, анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы адефицит армаҷра атенденциа наҳагӡар ҳҭахуп. Аиҳабыра руал 38%-нӡа имаҷхоит, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла аиҳабыра руал акырӡа армаҷра ҳалшеит, ари атенденциа анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы инагӡахоит. Аконсервативтә апланшьҭыхра аангьы аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа иадҳәалоу азҧхьагәаҭа 86 миллиард лари иаҟароуп, 2012 шықәсазы атәыла аекономика зынӡа 27 миллиард лари иаҟаран, аҵыхәтәантәи 11-12 шықәса рыла атәыла амилаҭтә економика хынтә азҳаит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, - 86 миллиард лари еиҳахоит, адоллар ашҟа иаагар, уаҩҧсык изы 8500 адоллар алҵуеит, араагьы, адоллар аҿгьы, аҵыхәтәантәи 11 шықәса рыла ҳекономика ҩынтә иазҳаит. Ҳазҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, 2027 шықәсазы атәыла аекономика 108 миллиард лари иаҟарахоит, уигьы аминимумуп, ҳара абри аҩыза азҧхьагәаҭарақәа ҳамоуп, уаҩҧсык изы 11 000 адоллар аҟынӡа ишьҭыҵуеит, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы акрызҵазкәа прогрессуп. Абарҭ апараметрқәа иазҧхьагәаҭаны, 2024 шықәсазы азеиҧш биуџьет ахарџьтә хәҭа 28 миллиард 760 миллион лари иаҟарахоит, жәакала иаҳҳәозар, иҵегьы азҳарҳауеит, хара имгакәа ари азҵаара иаҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит. Ишыжәдыруа еиҧш, ахырхарҭақәа зегьы рыла зҵакы дуу азҳара ҳамоуп, зҵакы дуу аинициативақәа ҳрылацәажәоит, арҭ апроектқәа наҳагӡоит 2024 шықәсазы, атәанчахә ацҵареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьауҧса ацҵареи уҳәа, убас егьырҭгьы. Аҵара аминистрра иацҵаны 600 миллион лари азоуҳашьҭҵит, ари аҧара арҵаҩцәа рџьаусҧса ацҵареи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рырҽеиреи рыргылареи иазкуп. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рырҽеиреи рыргылареи апроект хазы иалкаатәуп. Еиҭасҳәар сҭахуп, 2024 шықәсазы ахырхарҭақәа зегьы рыла зҵакы дуу аиҭакрақәа ҟалоит", - иҳәеит аҧыза-министр. .

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, арегионалтә фонд зынӡа 580 миллион лари иаҟарахоит, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаҧхьаҟа амуниципалитетқәа зҵакы дуу апроектқәа аҧара рзоушьҭра рылшоит.

„Уажәы аҵыхәтәантәи авариант ҧасатәи авариант излеиҧшым шәасҳәар сҭахуп. Абиуџьет апроект аҵыхәтәантәи авариантаҿ ахарџьтә хәҭа азҳауеит 165 миллион лари ала, ҳаҭыр зқәу Лашеи игәыҧи иҵегьы аресурсқәа рыҧшааит, 165 миллион лари ала азҳауеит, ари аҧара аиҳара - 130 миллион лари ҳрегионқәа рҿы апроектқәа рынагӡара иазкызаауеит. Зынӡа арегионалтә фонд 580 миллион лари иаҟарахоит, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаҧхьаҟа, амуниципалитетқәа зҵакы дуу апроектқәа аҧара рзоушьҭра рылшоит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп Гуриа аҧсабаратә рыцҳара амшала зыҩнқәа ҧхасҭахаз аҭаацәарақәа акомпенсациа рыҭаразы иацҵаны 15 миллион лари шоуҳажьҭуа. Арҭ ауаа 15 миллион лари раҳҭоит, дара аҩнқәеи ауадақәеи аархәар рылшоит, ҭаацәаракгьы цхыраарада иаанхом, уи даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп. Иацҵаны 15 миллион рзоуҳашьҭуеит 2024 шықәсазы.

Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџьтә хәҭа 25 миллиард лари иаҟарахоит, азеиҧш биуџьет - 28 миллиард 760 миллион лари. Уи акрызҵазкәа азҳароуп. 2012 шықәсазы абиуџьет 9 миллиард лари иаҟаран, сымҩашьозар, инақәыршәны, 8.6 ма 8.7 миллиард иҟан, 9 миллиард аҟынӡа. Араагьы абиуџьет хынтә азҳаит, ишеибгоу аекономикагьы хынтә азҳаит.

Ҳаҭыр зқәу Лаша, даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәареи шәгәыҧи, аминистрцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, апарламент, иашьашәалоу акомитетқәа уҳәа, рызынтәгьы сраҭабууп, дара интенсивла аиҳабыра аус рыцыруан. Ҳара дара рҟынтә аинициативақәа рацәа ҳаҳаит, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит, аинтерес ду зҵаз апроцесс ҳахысит, афискалтәи аекономикатәи ганахьала абаланс зызу, апрограммақәа рганахьала аинтерес ду зҵоу абиуџьет ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иааиуа ашықәс азы уи ҳуааҧсыра реиҳара ирныҧшуеит, ҳәарада, ҳаҧхьаҟа ҳтәыла аекономикатә аҿиарагьы иацхраауеит.

Аиҳабыра рнапахгаҩы ишиҳәаз ала, атәылаҿ аусурҭала еиқәыршәоу ауааҧсыра рхыҧхьаӡара арекордттә арбаганӡа ишьҭыҵит.

„Уажәтәи аеокномикатә ҭагылазаашьа ҳахәаҧшыр, ишыжәдыруа еиҧш, сынтәа 7%-тәи аекономикатә азҳара ҳамоуп. Уажәазы атенденциақәа бзиоуп, ари адинамика бзиа ихьчатәуп, уи аҵакы ду амоуп. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Сақстат ицәырнагаз аинформациа сазааҭгылар сҭахуп, уи аекономикатә активреи аусурҭала аиқәыршәара азҵаареи иазкуп. Сынәта, акварталқәа зегьы рзы, аусурҭа зауз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит - ахҧатәи азгьы, аҩбатәи азгьы, актәи азгьы. Акрызҵазкәа азҳара ҳаман, аусурҭала еиқәыршәоу ауаа рхыҧхьаӡара арекордтә арбаганӡа ишьҭыҵит. Иахьа атәылаҿ аусурҭала еиқәыршәоуп 1 миллион 366 нызқьҩык ауааҧсыра. Уи Сақстат ицәырнагаз аофициалтә информациоуп. Иара убас, зеиҧшҟамлац ала ибзиоуп аусурҭала аиқәыршәара аҩаӡарагьы, уи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаиҳабыра имҩаҧыргоз аполитика иашеи, иҟаҳҵаз ашьаҿақәеи, ҳара имҩаҧааго аҭынчратә политикеи иабзоуроуп, мамзар, иахьа ҧасатәи анапхгара атәыла иахагылазҭгьы, аҭынчрагьы ҟаломызт, аекономикатә азҳарагьы ҟаломызт, зынӡаскгьы акгьы ҟаломызт. Дара ҧаса ишыҟарҵаз еиҧш, аҩынтәраангьы атәыла дырбгон, убри аҟынтә, ҳара аҭынчратә политикеи, аекономикатә азҳара дуи ҳақәныҟәоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, зҵакы дуу апроектқәа рплан шьҭыхуп, уажәшьҭа активла аусуреи иаамҭаны аӡбарақәа рыдкылареи аҭахуп.

„2024шықәсазы ҳара апроектқәа арцәа наҳагӡараны ҳаҟоуп. Зынӡа аинфраструктуразы инаҳхуеит 6,7 миллиард лари. Ари аҧара ахәҭа ду ҳаҭыр зқәу Иракли Қарселаӡе иминистрра абиуџьет аҟынтә иаҳгоит, аминистррақәа зегьы алагала ҟарҵоит. Зҵакы дуу апроектқәа наҳагӡоит, убри аҟынтә, активла аусуреи иаамҭаны аӡбарақәа рыдкылареи аҭахуп, ҳусқәа даараӡа ибзиахоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура