Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аекономикатә хеилак 500 мегаватт аҟынӡа амҽхак зауа афымцатә проектқәа рынагӡаразы аӡбара аднакылеит

2024-04-21

..  .  

 

Аҧгаҧсатә сектори атәанчаратә аҧгаҧса аусхки аҿы имҩаҧгоу ареформақәеи, афымцатә проектқәа ирыларҵараны иҟоу аинвестициақәеи, априватизациатә планқәеи ирылацәажәеит аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз Аекономикатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы хшыҩзышьҭра азун афымцатә проектқәа аҧара ралаҵара азҵаара. Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, ари аганахьала иҟоу апотенциал максималла ахархәара аҭатәуп. Ахеилак алахәылацәа зынӡа 500 мегаватт амҽхак зауа афымцатә проектқәа рынагӡаразы аӡбара рыдыркылеит.

Аекономикатә хеилак алахәылацәа иара убас иалацәажәеит апассаџьыртәи аидаратәи амҩангарақәа рреформа аконкреттә детальқәеи азакәанҧҵарала иазыҧхьагәаҭоу иашьашәалоу анормативтә актқәа рышьақәырҕәҕәареи, хара имгакәа арҭ актқәа аиҳабыра ирызцәырыргоит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура