Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa ажьырныҳәа 15 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2024-01-15

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ла иазҧхьагәаҭаз 9 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Аилатәараҿы ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаныИара убас, ачымазара лаҽқәа зыхәшәтәуа амедикаментқәа рпрограмма иаҳа иҭбаахоит.

Лымкаала, ажьырныҳәа 15 инаркны шықәсык иалагӡаны, иашьашәалоу акатегориа ма астатус змоу атәылауаа аглаукома ахәышәтәразы хәыда-ҧсада ахәшәқәа роуеит.

Иара убас, иашьашәалоу акатегориа иаҵанакәа абенефициарцәа, шықәсык иалагӡаны, афинансыркра наӡа роуеит абарҭ ачымазарақәа рхәышәтәра иазку ахәшәқәа рзы: агәы-шьадатә чымазарақәеи, арҧҳақәа рчымазарақәеи, ачымазара лаҽқәеи, ашьақар чымазара «2-тәи ахки», Паркинсон ичымазареи, аепилепсиеи.

Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограммаҿ иҟалаз аиҭакрақәа рыдкьыслоит: социалла ихьчам ауааҧсыра (100 000 еиҵны ареитингтә балл змоу), атәанчуаа, аветеранцәа, зылшарақәа маҷу ауааҧсыра (зылшарақәа маҷу ахәыҷқәа, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыра), Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра.

Иара убас, иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра алахәылацәа «Асоциалтә пакет аҳәаақәҵара иазку» Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект иахәаҧшит.

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, сынтәа, ажьырныҳәа инаркны, лабҿаба иубарҭоу агра змоу ауааҧсыреи зылшарақәа маҷу ахәыҷқәеи ирызку асоциалтә пакет 50 лари ацлоит, уи 340 лари аҟынтә 390 лари аҟынӡа азҳауеит. Зылшарақәа мчу егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакәа ауааҧсыра 20 лари рзацырҵоит, дара ирызку асоциалтә пакет 175 лари аҟынтә 195 лари аҟынӡа иазҳауеит. Абиуџьет 46 миллион лари иаҟароуп.

Ирҭбаау асоциалтә пакет рхы иадырхәар рылшоит 123 нызқьҩык раҟара абенефициарцәа.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура