Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa ажьырныҳәа 22 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2024-01-22

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 4 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун ,,Академик Николоз Ҟиҧшиӡе ихьӡ зху Ауниверситеттә клиника хада апроект ҿыц иадҳәалоу азҵаарақәа рынагӡаратә уснагӡатәқәа ирызку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект.

Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аспециалистцәа реихшьаала инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аклиника жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалазаарц азыҳәан ахыбра арҽеира аҵакы амам, убри аҟынтә, ажәытә хыбра иқәхны, ареспубликатә хәыштәырҭа абазаҿы идыргылоит апрофильрацәаратә, зтехнологиа ҳараку амедицинатә усбарҭа - ареспубликатә хәышәтәырҭа ҿыц.

„Аминистрра ари азҵааразы аусура ду мҩаҧнагеит - ареспубликатә хәышәтәырҭа афинанстәи аинфраструктуратәи ҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҭҵаан; зыӡбахәы ҳәоу аклиника ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәеи жәларбжьаратәи астандертқәеи иахьынӡарышьашәалоу иҭҵаан. Ари апроцесс иалахәын ақырҭуа, иара убас, жәларбжьаратәи аекспертцәа; имҩаҧган еиуеиҧшым аексперттә 5 ҭҵаарак; иашьашәалоу аихшьаалақәа ирмазеин, урҭ лабҿаба аадырҧшит аклиникаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Аспециалистцәа иҟарҵаз аихшьаала инақәыршәаны, аклиника жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалазаарц азыҳәан ахыбра арҽеира аҵакы амам. Убри аҟынтә, ажәытә ахыбра иқәхны, ареспубликатә хәышәтәырҭа абазаҿы апрофильрацәаратә, зтехнологиа ҳараку амедицинатә усбарҭа ҿыц, ахәышәтәырҭа ҿыц дыргылоит. Уи жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалахо ареспубликатә хәыштәырҭа ҿыц акәхоит. Ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа рыхәҭак еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә клиникақәа рҿы аусура иалагахьеит. Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп аусзуҩыкгьы усурҭада дшаанымхо, аусзуҩцәа зегьы альтернативтә усурҭа, мамзаргьы, зеиҧшҟамлац ала ибзиоу акомпенсациа шроуа", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Қарҭтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа абазаҿы жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә клиника ҿыц дыргылоит. Зтехнологиа ҳараку амедицинатә усбарҭаҿ ахадаратә медицинатә сервисқәа зегьы раиура ҟалоит.

Агәабзиарахьчара аминистрра ахыбра ақәхратә проекти аклиника апроекттә усурақәеи раахәара апроцедурақәа ирылагоит.

Апроекттә усурақәа раахәара апроцесс мҩаҧгахоит Адунеи абанк апроцедурақәа ирышьашәаланы, уи абзоурала, жәларбжьаратәи аилахәырақәа ари апроцесс аҽалархәра рылшоит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа ҿыц - жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалахо амультифункциатә аҳәынҭқарратә клиникаҿ 500 иреиҳаны аиарҭаҭыҧқәа еиҿыркаауеит. Иара убас, убрааҵәҟьа еиқәдыршәоит амбулаториеи 100 еиҳаны аҭыҧқәа ахьыҟало ҽынлатәи астационари. Аклиникаҿы аус адыруеит ахәыҷтәы аонко-гематологиатә центр; ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ашьа абанк хада аадыртуеит; аҵакырадгьылаҿ еиҿыркаауеит GDP астандарт иаҵанакәа аҧҭекеи, аҵаратә қәыҧшыларақәеи, амедицинатә библиотекеи, ателемедицинатә қәыҧшыларақәеи, уб. егь.. Иара убас, ареспубликатә хәышәтәырҭа иазаанхоит ауниверситеттә клиника астатус, уи ала иазҧхьагәаҭоуп аклиникатә активраҿ иҟоу амедикцәа ринтеграциеи иашьашәалоу аинфраструктура аиҿкаареи.

Аклиникаҿ аус зуа амедицинатә персонал рзинқәа зегьы ихьчазаауеит. Агәабзиарахьчара аминистрра аҽалархәрала, аусзуҩцәа рыхәҭак еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә клиникақәа рҿы аусура иалагахьеит, егьырҭ аусзуҩцәа аџьаусҧса апакет ҷыда рзеиқәыршәоуп, уи аклиника аусзуҩцәа зегьы ирыдаргалоит. Ари апроцесс иахылаҧшуеит Аџьаус аинспекциа амаҵзура.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура