Аиҳaбырa реилaтәaрaқәa
-
25 Жәaбрaн 2021
2021 шықәсa жәабран 25 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa
Қырҭтәылa Аҧызa-министр Иракли Ӷарибашвили инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит.
Ажәaбжьқәa
-
26 Жәaбрaн 2021
Иракли Ҕарибашвили - Ҳгәыҧ иаамҭаны иҟарҵаз ашьаҿақәеи, ақырҭуа аҳақьымцәеи аепидемиологцәеи рзанааҭдырреи, ҳтәылауаа иаадырҧшыз атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи абзоурала, қәҿиарала авирус аҿагылара ҳалшеитҲгәыҧ иаамҭаны иҟарҵаз ашьаҿақәеи, ақырҭуа аҳақьымцәеи аепидемиологцәеи рзанааҭдырреи, ҳтәылауаа иаадырҧшыз атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи абзоурала, апандемиа ианалагоз ааҧынразгьы, аҩбатәи ацәқәырҧа аангьы қәҿиарала авирус аҿагылара ҳалшеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
-
26 Жәaбрaн 2021
Иракли Ҕарибашвилии Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара директор хадеи авакцинациа иазкны ҭелла еицәажәеитҚырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара (WHO) адиректор хадаТедрос Гебреисус ҭелла диацәажәеит авакцинала аиқәыршәара аганахьала адунеи аҿы акризис шыҟоугьы, ари аиҿкаара Қырҭтәыла иацхраарц излауа ала ирласны авакцина раҧхьатәи адозақәа раиураҿы.
-
25 Жәaбрaн 2021
Иракли Ҕарибашвили - Дарбанзаалак атәылауаҩ, ҷыдала амедиа ахаҭарнак изы амчылара хҳәаара аҭахымкәа сақәыӡбоит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра саҭабууп абас ирласны ақәлаҩцәа раанкыларазыДарбанзаалак атәылауаҩ, ҷыдала амедиа ахаҭарнак изы амчылара хҳәаара аҭахымкәа сақәыӡбоит, - иҳәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналист Вахо Санаиеи уи иҭаацәареи рықәлара афакт данахцәажәоз.
-
25 Жәaбрaн 2021
Себастиан Молинеус Иракли Ҕарибашвили иахь - Қырҭтәыла ирласӡаны аиҭашьақәыргылара апроцесс азы аҽазыҟаҵара иалагарц, атәылаҿы аекономикатә реформақәа қәҿиарала рымҩаҧгара атрадициа нагӡахарцаз аусеицура арҭбаара сахыццакуеитАдунеи абанк агәыҧ рыхьӡала, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҧаса Аҧыза-министрс шәаныҟаз қәҿиарала имҩаҧаагоз аусеицуразы, - иануп Кавказ аҿы Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеус Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз аофициалтә шәҟәы аҟны, иара Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит.
-
25 Жәaбрaн 2021
Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеитҬырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалоит.
-
25 Жәaбрaн 2021
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеитИахьа инаркны ақалақьбжьаратә транспорт аусура еиҭалагоит, асабшеи амҽышеи рзгьы; иара убас, иахьа инаркны, аепидемиологиатә стандартқәеи арегулиациақәеи рыхьчара ала, ашьхатә курортқәа рҿы асасааиртақәа аадыртуеит; Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт асабшеи амҽышеи рзгьы аус ауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
-
25 Жәaбрaн 2021
Иракли Ҕарибашвили - Жәабран 25 даҽазнык иҳгәаланаршәоит ҳфырхацәа, аиункерцәагьы нрылаҵаны, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы шақәырҵазИахьатәи амш, жәабран 25, ҳтәыла аҭоурых аҿы зегьы реиҳа ихьанҭоу атрагедиатә мшқәа иреиуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Коџьори даныҟаз, иара уаҟа аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵан, иҭахаз аџьынџьуаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.
Аҧызa-министр ивизитқәa
-
24 Ажьырныҳәa 2020
Гьaргь Гaхaриa, aжьырныҳәa 21-24 рзы, Дaвостәи aдунеизегьтәи aекономикaтә форум ихы aлaирхәит
Қырҭтәылa Аҧызa-министр Гьaргь Гaхaриa Дaвостәи aдунеизегьтәи aекономикaтә форум ихы aлaирхәит.
-
13 Ҧхынҷкәын 2019
Қырҭтәылa Аҧызa-министр aофициaлтә визитлa Укрaинa дыҟaн
Қырҭтәылa Аҧызa-министр, ҧхынҷкәын 12 - 13 рзы, aофициaлтә визитлa Укрaинa дыҟaн.