Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ аларҵеит Қырҭтәыла Аконституциеи Print Version

2022-06-06

Иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ аларҵеит Қырҭтәыла Аконституциеи „Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа иазку" Қырҭтәыла аоргантә закәани иашьашәалоу ахәҭақәа рыла иазҧхьагәаҭоу аорганқәа рзинмчы иазку аимак иадҳәаланы.

Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла амч змоу Аконституциа ала ишьақәыргылоуп апарламенттә напхгараҭара асистема. Зыӡбахәы ҳәоу асистемаҿы анагӡаратә мчраҿы иреиҳаӡоу аорган заҵәуп Қырҭтәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла Аконституциа 54-тәи ахәҭаҷ актәи апункт инақәыршәаны, атәыла аиҳабыра „атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика мҩаҧыргоит".

Апарламенттә напхгараҭара апринцип инақәыршәаны, Аконституциала, иара убас, ишьақәырҕәҕәоуп анагӡаратә зкызаара змам атәыла ахада иинститут - Аконституциа инақәыршәаны, атәыла ахада анагӡаратә мчреи атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика амҩаҧгара алахәызаара азинмчи ианашьам.
Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра роуп изыӡбо аконкреттә ҭагылазаашьаҿы иашьашәалоу аҳәынҭқарраҿы ма аиҿкаараҿы алҵшәа зхылҵша аполитика амҩаҧгаразы дарбан ацҳаражәҳәаҩу ма адипломатиатә хаҭарнакра анахгаҩу зықәыргылара иахәҭоу.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла аиҳабыра ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла ахада ацҳаражәҳәаҩцәа рықәыргылара ма рамхразы аиҳабыра илыдаргало акандидатцәа мап рыцәкразы аконституциатә зинмчы лымам.

Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла аиҳабыра, аконституциатә ашшыҧхьыӡ ала, аилыркаарақәа иаҳәоит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә хаҭарнакрақәа рнапхгаҩцәеи рықәыргылара ма рамхра иадҳәаланы Қырҭтәыла ахадеи Қырҭтәыла аиҳабыреи рыбжьара азинмчқәа реиҟәыҭхара иазкны.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура