Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аҳәамҭа Print Version

2022-08-21

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идҵала, Самцхе-Џьавахеҭи арегион аҿы, Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра аҧыхра амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрреи, Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи иашьашәалоу амаҵзурақәа русзуҩцәа еиҧҟьарада амца арцәаратә усурақәа мҩаҧыргоит.

Уажәазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ала Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәып:

250-ҩык абылрацәыхьчаҩцәа- аиқәырхаҩцәа;
50 абылрацәыхьчаратәи аиқәырхаратәи техника;
адронқәа рыла амца амониторинг мҩаҧысуеит;
Амца арцәара иалахәып аҳәаатә полициа 3 агьежьҧрыгак;
Аҭыҧаҿ иҟоуп Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент 300-ҩык аусзуҩцәа;

Аҭыҧашҟа инагоуп аҭыҧантәи аполициа иашьашәалоу аҟәшақәа русзуҩцәагьы.

Иара убас, Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәып Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа. Уажәазы аҭыҧаҿ иҟоуп: арбџьармчқәа алогистикатә аиқәыршәара анапхгара абылрацәыхьчаратә техника ҷыда "MTLB" (зехьынџьара инеиуа абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә техника), аӡымҩангагақәеи, зехьынџьара инеиуа абылрацәыхьчаратә автомашьынақәеи.

Уаҵәы, шьыжь инаркны, абылра аҧыхратә усурақәа рхы рыладырхәоит арратә маҵзуҩцәагьы.
Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра ала Борџьоми аҧсҳәашҟа идәықәҵоуп абульдозерқәеи аӡымҩангагақәеи (аӡытә цистернақәа мҩанызго аидаратә машьынақәа). Егьырҭ арегионқәа рҿгьы аӡымҩангагақәа реизгара иаҿуп.

Абнатә массив аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәып Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрра Амилаҭтә абнатә агентра аусзуҩцәагьы.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура