Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе Қырҭтәыла ауааҧсыра 2024 шықәсатәи зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра азҵааразы имҩаҧгаз адонорцәа рконференциа ихы алаирхәит Print Version

2022-10-05

  ..

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Қырҭтәыла аиҳабыреи, Астатистиказы амилаҭтә маҵзуреи, ЕАР Ауааҧсыра рфонд Қырҭтәылатәи аофиси (UNFPA) реиҿкаарала имҩаҧгаз аконференциа ихы алаирхәит, уаҟа Қырҭтәыла ауааҧсыра 2024 шықәсатәи зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра адукатреи, адонорцәа рыдыҧхьалареи, акоординациеи азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аконференциа ааиртит Реваз Џьавелиӡе, иара убас, ауснагӡатә алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Астатистиказы амилаҭтә маҵзура анагӡаратә диреткор Гогита Ҭодаӡеи ЕАР Ауааҧсыра рфонд (UNFPA) ахаҭарнак, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани иҟоу аофисқәа рдиректор Ҳасан Моҳҭашами.

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны, ишьақәнарҕәҕәоит ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра 2020 шықәсатәи адунеитә раунд аҽалархәра ишазыхиоу. Ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра 2020 шықәсатәи араундс иҳәаақәҵоуп 2015-2024 шықәсқәа.

„Мшыбзиақәа, 2024 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра - зҵакы дуу астатистика уснагӡатәқәа иреиуп, атәыла ари ауснагӡатә мҩаҧнагоит жәларбжьаратәи абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны. Иахьатәи аиҧылара аҵакы ду амоуп, избанзар, аҳәынҭқарра инаваргыланы, адонор аиҿкаарақәагьы активла ари ауснагӡатә иалахәызар ҳҭахуп,"- иҳәеит Реваз Џьавелиӡе.

Ҭырқәтәылаҿы ЕАР Ауааҧсыра рфонд (UNFPA) ахаҭарнак, Қырҭтәылеи Азербаиџьани аофисқәа рдиректор Ҳасан Моҳҭашам ишиҳаз ала, Қырҭтәыла Астатистиказы амаҵзура, атәыла зеџьынџьара абри аҩыза ауснагӡатә амҩаҧгразы иаҭаху алшрақәеи акомпетенциеи амоуп. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра зымҽхак дуу астатистикатә усура амҩаҧгаразы ибзианы рҽазыҟарҵеит.

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура анагӡаратә директор Гогита Ҭодраӡе ишазгәеиҭаз ала, ашәҟәҭаҩра абиуџьет, инақәырҧшны, 29 миллион лари иаҟароуп, ари ахырхарҭала адонорцәа рконтрибуциа аҵакы ду амоуп.
Қырҭтәыла ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра аиҳабыратә координациатә комиссиа, сынтәа рашәара 6 рзы ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ауааҧсыра 2024 шықәсатәи зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра апрограмма.

Аконференциа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәеи, афинанстә институтқәеи, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи, егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкарақәеи ахаҭарнакцәа.



Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура