Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа зыҩаӡара ҳараку аинтикоррупциатә конференциа ихы алаирхәоит, аамҭакала, ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит Print Version

2022-11-29

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Нидерланды, Гаага ақалақьаҿ абҵара 28-29 рзы аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысуа, зыҩаӡара ҳараку аинтикоррупциатә конференциа ихы алаирхәоит.

Ауснагӡатә акоррупциа аформақәа зегьы ирҿагыло азеиҧш ақәҧара алҵшәара аизырҳара иазкуп. Зыҩаӡара ҳараку аиҧылара алахәылацәа, жәларбжьаратәи антикоррупциатә аусӡбара аҧҵара азҵаара инаваргыланы, акоррупциа иаҿагыло ақәҧара иазку ажәалагала ҿыцқәеи алшарақәеи ирылацәажәеит.

Ауснагӡатә еицымҩаҧыргоит Нидерланди, Канадеи, Еквадори адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы данықәгылоз, иаҵшьны иазгәеиҭеит акоррупциа иаҿагыло ақәҧара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс, уи шьақәырҕәҕәоуп жәларбжьаратәи ареитингқәеи, аиндексқәеи, ахәшьарақәеи рыла.

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы антикоррупциатә механизмқәеи аструктурақәеи дырзааҭгылан, аконференциа алахәылацәа аинформациа риҭеит ихьыҧшым азеиҧш зин аиуристтә хаҿы ҳасабала Антикоррупциатә биуро аҧҵара хықәкыс измоу азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа ирызкны. Ишазгәаҭаз ала, Антикоррупциатә биуро аҧҵара абзоурала, атәылаҿы акоррупциа иаҿагыло ақәҧара амеханизмқәа иаҳа иҕәҕәахоит, уажәтәи апрактика европатәи астандартқәа иаҳа ирзааигәахоит.

Иара убас, Реваз Џьавелиӡе, Қырҭтәыла евроинтеграциеи европатәи аперспективеи далацәажәан, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара ззин наӡоу алахәылас иҟалар шаҭаху.

Ауснагӡатә еицҵаратәны, Реваз Џьавелиӡе Болгариа адәныҟатәи аусқәа рминистри, Хорватиа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи, Румынтәылеи Аҩадатәи Македониеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуааи рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигеит.

Ҩ-ганктәи аиҧыларақәа раан, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иаҭаху зегьы ҟанаҵоит излауа ала ирласны 12 абжьагарақәа рынагӡаразы, уи атәыла иацхраауеит акандидат астатус аиураҿы. Абри аконтекст аҿы, Реваз Џьавелиӡе европатәи апартниорцәа ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиҧыларақәа раан аганқәа рхаҭарнакцәа аекономикатә еизыҟазааашьақәа рырҭбаареи, Евроеидгылаҟны аимадара арҕәҕәара аҵаки, ари ахырхарҭала иҟаҵоу аконкреттә шьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ашәарҭадара аганахьала арегионаҿ аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура