Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи аҧыхра иазку Европа Ахеилак акомитет 13-тәи аиҧылара ихы алаирхәит Print Version

2022-12-07

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ Нико Татулашвили, Страсбург, Аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи аҧыхра иазку Европа Ахеилак аконвенциа (Стампылтәи аконвенциа) аганқәа ркомитет 13-тәи аиҧылара ихы алаирхәит.

Ауснагӡатә аҿы ирыхәаҧшит Аконвенциа иалахәы 9 ҳәынҭқаррак рҿы аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагыло ақәҧара азҵаарақәа рзы аус зуа аекспертцәа ргәыҧ (GREVIO) ала абжьагарақәа рынагӡареи, иара убас, раҧхьа иргыланы имҩаҧгатәу, аҧыжәара зауа ауснагӡатәқәа рҳәаақәҵареи азҵаарақәа.

Аиҧылараҿы Нико Татулашвили аганқәа аинформациа риҭеит агендертә дыргала амчылара апревенциеи ақәҿыҭреи азы аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аусура иазкны, иара убас, наҟ-наҟтәи апланқәагьы дрылацәажәеит. Аиҧылараҿы Румынтәылеи, Босниеи Герцеговинеи, Германтәылеи, Естониеи, Кипри, Швеицариеи, Исландиеи, Норвегиеи, Қырҭтәылеи абжьагарақәа рыҭан.

Аиҧылара ашьҭахь, Исландиа ахадеи Европатәи Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хадеи рхантәаҩрала, имҩаҧган аконференциа - „Акиберқәыҧшылараҿы амчылара иаҿагыло азеиҧш ақәҧара", уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконференциа алахәылацәа акиберқәыҧышылараҿы аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара аганахьала иҟоу ақәҿиарақәеи аҳасабтәқәеи ирылацәажәеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура