Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡара иазку аусбарҭабжьаратә хеилак 4-тәи аилатәара ааиртит Print Version

2022-12-06

. 

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа (SDG) рынагӡара иазку аусбарҭабжьаратә хеилак 4-тәи аилатәара ааиртит.

Асасааирҭа „Румс Ҭбилиси" аҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, апарламенти, ЕАРи, жәларбжьааратәии иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарақәеи рҟынтә 60ҩык инареиҳаны ахаҭарнакцәа.

Реваз Џьавелиӡе инаиваргыланы, аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАР еснагьтәи акоординатор Сабине Махлим. Ахеилак алахәылацәа, иҭышәынтәалоу ахықәкқәа рынагӡара апроцессаҿ ауаҩытәыҩсатә капитали асоциалтә мышәхыбзазареи, аекономикатә аҿиареи, анапхгараҭара бзиеи, аҧсабара ахьчареи ахырхарҭала иҟоу ақәҿиарақәа ирылацәажәеит.

Иара убас, иахьа, иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡара иазку аусбарҭабжьаратә хеилак аамаӡаныҟәгара ахаҭарнакцәа аилатәара алахәылацәа ирызцәырыргеит атематикатә гәыҧқәа рзы еиқәыршәоу 2023 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан. Ишазгәаҭаз ала, аплан анагӡаара апроесс рхы аладырхәоит атәыла жәларбжьааратәи апартниорцәеи атәылауаҩратә сектори.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ауснагӡатәқәа рпланла иазҧхьагәаҭоу активра крызҵазкәа алагала ҟанаҵоит Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара 2030 шықәсанӡатәи аусхәаҧштә анагӡара апроцессаҿ. Аилатәара анҵәамҭаз, аусбарҭабжьаратә хеилак алахәылацәа ишьақәдырҕәҕәеит атематикатә гәыҧқәа русура иазку 2023 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан, уи анагӡара ахылаҧшра адырҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура