Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Реваз Џьавелиӡе аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аиҧылара ааиртит Print Version

2023-01-11

  ..

Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа (PAR) акоординациа азызуа аусбарҭа ҳасабала, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҿкаарала, асасааирҭа „Румс Ҭбилиси" аҿы имҩаҧган аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара.

Аиҧылара аадыртит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, ЕАР Аҿиара апрограмма (UNDP) еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩ Анна Чернишовеи, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакраҿ анапхгараҭареи ауаҩытәыҩсатә капитали ахырхарҭа анапхгаҩы Коломб де Мерсии.

Ахеилак алахәылацәа ирызцәырган Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа 2023-2026 шықәсқәа рзтәи астратегиа ҿыци уи иацу 2023-2024 шықәсқәа рзтәи ауснагӡатәқәа рплани. Ахеилак аӡбарала, ари аплан, ашьақәырҕәҕәаразы, Қырҭтәыла аиҳабыра ирызцәырыргоит. Аиҧылараҿы еихыршьаалеит ареформа афаза ҿыц аус адулара амзызла аиҳабыра радминистрациа анапхгарала имҩаҧысуа апроцесс, уи иалагӡаны имҩаҧган иакымкәа аиҧыларақәеи адискуссиақәеи. Ахеилак иалахәы аминистрцәа рхаҭыҧуаа, атематика инақәыршәаны, астратегиеи ауснагӡатәқәа рплани ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, адискуссиа арежимаҿ иалацәажәеит аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа астратегиа ҿыци ауснагӡатәқәа рплани қәҿиарала рымҩаҧгара амзызла аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа рыла ицәыргаз абжьагарақәеи агәаанагарақәеи. Апартниор аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа даҽазнык иазгәарҭеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа қәҿиарала амҩаҧгара ацхраара ишазыхиоу. Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа Қырҭтәыла иалагеит 2015 шықәсазы, уи атәылаҿы иаарту, аҳасабырба зыҧхықәу, алҵшәа зхылҵуа аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистема ашьақәыргылара иазкуп. Ареформа хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә напхгараҭара аиҕьтәреи европатәи анапхгараҭара астандартқәа рзааигәатәреи. Ареформа мҩаҧысуеит Евроеидгыла аҳәынҭқарратә напхгараҭара апринципқәа рышьаҭала, атәыла ахадаратә 5 хырхарҭак рыла иҟоу аҧыжәарақәа иазҧхьагәаҭаны, урҭ даҽа хырҭарҭакгьы рыцлеит: аполитика апланшьҭыхыреи акоординациеи; аҳәынҭқарратә маҵзуреи аусҩытәыҩсатә ресурсқәа анапхгара рыҭареи; аҳасабырбара аҧхықәра; аҳәынҭқарратә сервисқәа реиқәыршәара; аҳәынҭқарратә финансқәа рхылаҧшреи аҭыҧантәи ахаланапхгара арҕәҕәареи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура