Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аиҳабыра радминситрациаҿы Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа ахҧатәи аилатәара мҩаҧган Print Version

2023-02-01

.. 

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациаҿы Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа еизеит апликанцәа ицәырыргаз адокументқәа рыхәаҧшразы. Ахҧатәи аилатәара мҩаҧган администрациа аиҳабы, акомиссиа ахантәаҩы Реваз Џьавелиӡе инапхгарала.

Аилатәараҿы акомиссиа алахәылацәа, апликантцәа ицәырыргаз адокументқәа азакәани аҧҟаҧҵеи рыла иҳәаақәҵоу аҳәарақәа иахьынӡарышьашәало иахәаҧшит.

Аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә конкурс аҽалархәразы арзаҳалқәа арҭеит 38-ҩык акандидатцәа.

Аконкурстә комиссиа аӡбарала, аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иалхратә конкурс аҩбатәи аетап - аиҿцәажәара мҩаҧгахоит анеҩстәи амчыбжь азы.

2022 шықәса ҧхынҷкәын 22 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз адҵа №289-и 2022 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы иҟаиҵаз адҵа №304-и рышьаҭала еиҿкааз аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа аӡбрақәеи аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа аҧҟаҧҵа ашьақәырҕәҕәара иазку аконкурстә комиссиа 2023 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы иаднакылаз аҧҟаҧҵа инақәыршәаны, аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иалхартә конкурс рылаҳәоуп аилахәыра - Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро ала, административтә вебдаҟьа ахархәарала. Арзаҳалқәеи урҭ ирыцу адокументқәеи рыдыркылоит 2023 шықса ажьырныҳәа 11 инаркны 2023 шықәса ажьырныҳәа 25 налаҧхьаӡаны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура