Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациаҿы, Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа аилатәараҿы, иалхыз акандидатцәа рҟны аиҿцәажәара мҩаҧган

2023-02-06

  ..

Аконкурстә комиссиаҟны аиҿцәажәаразы инарыҧхьеит здокументқәа азакәани аҧҟанҵеи рыла иҳәаақәҵоу аҳәарақәа ирышьашәалаз акандидатцәа. Аиҿцәажәарашҟа инарыҧхьеит 8-ҩык акандидатцәа: Зураб Азнаурашвили; Давиҭ Ахалаури; Алеқсандр Кобаиӡе; Ражден Купрашвили; Елгуџьа Макалаҭиа; Бадри Ниаури; Малхаз Рашоиан; Важа Џьанҟарашвили.

„Акоррупциа иаҿагыло ақәҧара иазку" Қырҭтәыла азакәан 2016-тәи ахәҭаҷ 8-тәи апункт инақәыршәаны, аконкурстә комиссиа аӡбарала, 2023 шықәса жәабран 6 рзы, аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иалхразы аӡбара адкылара амзызла, Қырҭтәыла аҧыза-аҧыза министр идаргалоит 3-ҩык акандидатцәа: Зураб Азнаурашвили; Ражден Купрашвили; Елгуџьа Макалаҭиа.

Қырҭтәыла аҧыза-министр, Антикоррупциатә биуро аиҳабы иалхразы аконкурстә комиссиа акандидатцәа анидигала ашьҭахь мчыбжьык аҩныҵҟала, зыӡбахәы ҳәоу акандидатцәа руаӡәы Антикоррупциатә биуро аиҳабыс дҟаиҵоит, мамзаргьы, Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз идаргалаз акандидатцәа руаӡәы Антикоррупциатә биуро аиҳабыс иҟаҵаразы мап икуеит, уи азы иара иашьашәалоу адҵа ҟаиҵоит.

2022 шықәса ҧхынҷкәын 22 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз адҵа №289-и 2022 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы иҟаиҵаз адҵа №304-и рышьаҭала еиҿкааз, аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа ақәҵарақәеи аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә аконкурстә комиссиа аҧҟанҵа ашьақәырҕәҕәара иазку, 2023 шықәса ажьырныҳәазы аконкурстә комиссиа ишьақәнарҕәҕәаз аҧҟанҵеи инақәыршәаны, аилахәыра - Антикоррупциатә биуро аиҳабы иҭыҧаз акандидатцәа ралхратә конкурс рылаҳәан аилахәыра - Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро ала, административтә веб-даҟьа ахархәарала.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура