Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟалаз адгьылҵысра амшала азарал зауз ауааҧсыра агуманитартә цхыраара рыҭара амзызла иалхуп 1 миллион лари Print Version

2023-02-10

Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵарала, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟалаз адгьылҵысра амшала азарал зауз ауааҧсыра агуманитартә цхыраара рыҭара амзызла, аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәырәшареи рзы аминистрра иазоушьҭуп 1 миллион лари.

Қырҭтәыла аҧыза-министр инапы зҵаиҩыз ақәҵара инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аҧарала, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟалаз адгылҵысраан азарал зауз ауааҧсыра ахәшәқәеи, афатәаалыҵи, амаҭәеи, амедицинатә аибыҭареи, зда ҧсыхәа иҟаз егьырҭ абзазаратә маҭәарқәеи рзаахәареи Ҭырқәтәылатәи ареспубликашҟа адәықәҵареи азы инырхуеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура