Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәызааразы акандидат иалхра амзызла иаарту аконкурс рылаҳәоуп Print Version

2023-03-29

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа (ҵаҟа - Семек) алахәыла Маиа Миқелаӡе лзинмчы аҿҳәара нҵәоит 2023 шықәса рашәара 30 рзы.

„Аенергетикеи аӡылеиәқыршәареи иазку" Қырҭтәыла азакәан 20-тәи ахәҭаҷи акомиссиа алахәызааразы акандидат иалхратә комиссиа аӡбареи инақәыршәаны, Семек алахәызааразы акандидат иалхра амзызла, 2023 шықәса хәажәкыра 29 рзы иаарту аконкурс рылаҳәоуп.

Аконкурс аиҿкаареи амҩаҧгареи еиқәнаршәоит Қырҭтәыла аиҳабыра еиҿыркааз алхратә комиссиа. Алхратә комиссиа иалоу 5ҩык рҟынтә хҩык ихьыҧшым алахәылацәа роуп.

Аконкурс аҽалархәра азин рымоуп иреиҳаӡоу аҵареи Семек алахәыла изы Қырҭтәыла азакәан ала иҳәаақәҵоу афункциақәа рынагӡаразы иаҭаху аквалификациеи аҧышәеи змоу Қырҭтәыла атәылауаа.

Аконкурс зхы алазырхәыр зҭаху акандидат ицәыригароуп абарҭ адокументқәа:

а) акомиссиа алахәызааразы акандидат изку Curriculum Vitae (CV) зцу арзаҳал;

б) акомиссиа алахәылас иалхразы ақәшаҳаҭхара;

в) алхратә процесс иалахәы амаҵзуҩцәа/аорганқәа рыла иара изку, акомиссиа алахәызааразы кандидатс иалхразы амзызқәа рзы иаҭаху аинформациа/адокументқәа раарҧшра/реиҭагәаҭаразы ақәшаҳаҭхара;

г) Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ахкьыҧхьаа;

д) иреиҳаӡоу аҵара зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа. Адокумент атәым бызшәала еиқәыршәазар, ақырҭуа бызшәахьы иеиҭагоу, азакәан ала ишьақәыргылоу аҧҟарала ишьақәырҕәҕәоу ахкьыҧхьаа;

е) 10шықәса еиҵамкәа аусуратә ҧышәа зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа;

ж) ауаҩҧсы Қырҭтәыла азакәанла акомиссиа алахәыла изы ишьақәыргылоу аетикеи, ахьыҧшымреи, аинтересқәа реимаки иазку аҳәарақәа шидыруа азы анапынҵа;

з) арекомендациатә ҟазшьа змоу ашәҟәқәа, абри аҩыза ашәҟәқәа иҟазар;

и) иара ицәыригаз, мамзаргьы акомиссиа алахәызааразы кандидатс иалхра амзызла иара изкны иаарҧшыз аинформациеи адокументқәеи рыргаматәра ақәшаҳаҭхара ма мап ацәкра;

к) иҭаххар, иусуратә ҧышәеи, изанааҭтәи иморалтәи репутациеи иадҳәалоу аинформациа зну адокумент.

Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса мшаҧы 7 налаҧхьаӡаны.

Алхратә комиссиа еиқәнаршәоит аконкурс иалахәы акандидатцәа ицәырыргаз адокументқәа рыхәаҧшра, иара убас, акомиссиа иаҭаху адокументқәа зегьы цәыргазар шьақәнаргылоит.

Адокументқәа рыдкылара аҿҳәара аниаслак ашьҭахь, 20 мшы ирҭагӡаны, акомиссиа алахәылацәа акандидат далырхуеит иара иквалификациеи, игәырҵҟәыли, изанааҭтә ҧышәеи, имотивациеи, ирепутациеи ахәшьара аҭара ашьаҭала. Акандидатцәа рыҿцәажәара мҩаҧгахоит акомиссиа аӡбарала.

Ирылаҳәоу аконкурс уаҩҧсы заҵәык далахәызар, алхратә комиссиа 30 мшы рыла аконкурс аҿҳәара ардура алшоит.

Алхратә комиссиа алахәылацәа, аконкурс ала иалху акандидат Қырҭтәыла аиҳабыра дрыдаргалоит. Қырҭтәыла аиҳабыра акандидат изы еиқәшаҳаҭны, атәыла ахада длыдаргалоит, лара, Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟны еиқәшаҳаҭрала, акандидатура Қырҭтәыла апарламент адалгалоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра алхратә комиссиала иалху акандидат дыргәамҧхар, ма Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа акомиссиа алахәыла далрымхыр, алхратә конкурс еиҭамҩаҧысуеит.

Аконкурс аҽалархәразы шәиас абри ацҵатә ахь: https://www.hr.gov.ge/JobProvider/UserOrgVaks/Details/77978?active=1