Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу апринципқәа рцәыргара иазку аконференциа ааиртит Print Version

2024-03-22

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу аконцепциа апринципқәа рцәыргара иазкыз аконференциа ааиртит. Ауснагӡатә мҩаҧган Аекономикатә усеицуреи аҿиареи аиҿкаареи (OECD) Евроеидгылеи (EU) рзеиҧш инициатива, - Анапхгараҭареи аменеџьменти ацхраара апрограмма (SIGMA) алахәызаара ала, USAID Аҳәынҭқарратә напхгараҭара апрограмма адгыларала.

Аконференциа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Евроеидгыла ахаҭарнакраҿ иҟоу аусеицура аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Каталин Германи USAID Адемократиеи, азинқәеи, анапхгараҭареи аофис аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Лиаза Коваки.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла имҩаҧысуа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа иахылҵыз ақәҿиарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны зыҩаӡара ҳаракыз апанельтә дискуссиа мҩаҧган. Иара убас, аконференциа алахәылацәа, ареформа иаҳа еиҕьны амҩаҧгаразы ирҿыцу апринципқәа ҵакыс ирымоу иалацәажәеит.

Аконференциа рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, атәылауаҩратә сектори рҟынтә 80-ҩык раҟара ахаҭарнакцәа, дара атематикатә дискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ирҿыцу апринципқәа инарҭбааны ирылацәажәеит.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ареформа иалагеит 2015 шықәсазы. Ареформа мҩаҧысуеит OECD/SIGMA ала ихиаалоу Евроеидгыла Аҳәынҭқарратә напхгараҭара апринципқәа рышьаҭала, ахадаратә ҵакы змоу 5 хырхарҭак рыла, урҭ роуп: аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи; аҳәынҭқарратә маҵзуреи ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа анапхгара рыҭареи; аҳасабырбара аҧхықәра; аҳәынҭқарратә сервисқәа рыла аиқәыршәареи аҳәынҭқарратә финансқәа рхархәареи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура