Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла иаарту аконкурс рылаҳәоуп Print Version

2021-07-26

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәыла Гьаргь Ҧангани изинмчы аҿҳәара нҵәоит 2021 шықәса жьҭаара 27 рзы.

„Аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи иазку" Қырҭтәыла азакәан 20-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла, 2021шықәса ҧхынгәы 26 инаркны иаарту аконкурс рылахәоуп.

Аконкурс аиҿкаареи амҩаҧгареи еиқәнаршәоит Қырҭтәыла аиҳабыра еиҿыркаауа алхратә комиссиа. Алхратә комиссиа ишьақәгылоит 5ҩык алахәылацәа рыла, урҭ рҟынтә 3ҩык иреиҵамкәа ахьыҧшым алахәылацәа ракәхоит.

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәоу аконкурс аҽалархәра азин имоуп иреиҳаӡоу аҵара змоу Қырҭтәыла атәылауаҩ.

Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи амилаҭтә комиссиа алахәызааразы иҭацәу аҭыҧ аанкылара амзызла ирылаҳәоу аконкурс аҽалархәра зҭаху акандидат ицәыригароуп абарҭ адокументқәа:


а) аҩыратә арзаҳал;

б) афотоҭыхымҭак;

в) автобиографиа;

г) Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ахкьыҧхьаа;

д) иреиҳаӡоу аҵара зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа;

е) 10 шықәса еиҵамкәа аусура зыршаҳаҭуа адокумент;

ж) ауаҩҧсы Қырҭтәыла азакәан ала акомиссиа алахәыла изы ишьақәыргылоу аетикеи аинтересқәа реимаки аҭагылазаашьақәа шидыруа шьақәзырҕәҕәо ашәҟәы;

з) абжьагаратә ҟазшьа змоу ашәҟәқәа, урҭ реиҧш ашҟәқәа иҟазар.


Адокументқәа рыдыркылоит 2021 шықәса нанҳәа 14 налаҧхьаӡаны.

Алхратә комиссиа алахәылацәа, аконкурс иалахәы акандидат ицәыригаз адокументқәа ирыхәаҧшны, иаҭаху адокументқәа зегьы шцәыргоу шьақәдырҕәҕәоит. Алхратә комиссиа алахәылацәа рыӡбара ала, акандидат, акомиссиа ала ишьақәыргылоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иацҵаны адокументқәа рцәыргара иҭаххар ауеит.

Адокументқәа рыдкылара аҿҳәара анынҵәалак анеҩс, 10 мшы рыҩнуҵҟала, акомиссиа алахәылацәа акандидат далырхуеит иара иквалификациеи, игәырҵҟәыли, изанааҭтә ҧышәеи, имотивациеи, ирепутациеи ахәшьара аҭара ашьаҭала. Акандидат иҿцәажәара мҩаҧысуеит алхратә комиссиа аӡбара ала.

Ирылаҳәоу аконкурс аӡәызаҵәык иҽалаирхәыр, акомиссиа алахәылацәа аконкурс аҿҳәара дырдуур рылшоит 30 мшы рыла.

Алхратә комиссиа алахәылацәа, аконкурс ала иаарҧшу акандидат Қырҭтәыла аиҳабыра дрыдаргалоит. Қырҭтәыла аиҳабыра, акандидат изы еиқәшаҳаҭны, Қырҭтәыла ахада длыдаргалоит, анеҩс, Қырҭтәыла ахадеи Аҧыза-министри рнапаҵаҩрала, акандидат Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа дрыдаргалоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра алхратә комиссиа ала иаарҧшыз акандидат изы изеиқәшаҳаҭымхар, мамзаргьы, Қырҭтәыла апарламент аҿы акандидат далрымхыр, алхратә конкурс еиҭамҩаҧгахоит.