Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариа - Арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит Print Version

2020-01-09

Аҵара аминистрра ицәырнагаз азҵаара инақәыршәаны, азанааҭтә аҵара арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит - иҳәеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, 2020 шықәсазы аиҳабыра рзы аҵакы ду амазаауеит аҵара аусхкы, уи ауаа аусурҭала реиқәыршәареи аџьаус аџьармыкьаҿы иҟоу адисбаланс аҧырхреи иацхраароуп.

„Аҵара аминистрра ицәырнагаз азҵаара инақәыршәаны, азанааҭтә аҵара арҵаҩцәа сааҭлатәи рџьаусҧса иацлоит, азыҧҵәа наӡа ала аус зуа арҵаҩцәа 1 800 лари аџьаусҧса роуеит. Ишыжәдыруа ала, ҳара аҵара асистемаҿы асистематә реформа мҩаҧаагоит, ари апроцесс аҿы зегьы реиҳа ихадоуп абжьаратә аҵара акомпонент, 2020 шықәса инаркны аҵара аусхкы хшыҩзышьҭра ҷыда амазаауеит, уи ауп аусуратә ҭыҧқәа реиқәыршәареи аџьаус аџьармыкьаҿы иҟоу адисбаланс ариашареи аҿы иҳацхрааша", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧызa-министр ипрессмaҵзурa