Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аҧкрақәа рырмариара аан арегулиациақәа зегьы рынагӡара ахылаҧшреи авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵареи иалацәажәеит Print Version

2020-12-28

..

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа рырмариара аан арегулиациақәа рынагӡара ахылаҧшреи, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵара апроцесси иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Ахеилак аилатәараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызун авакцианациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы имҩаҧысуа аусурақәеи, абри атема иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа ҷыда ала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи. Ари азҵаара иадҳәаланы ҷыдала иалкаан иаамҭаны авакцина аагареи, иара убас, аинфраструктуратәи алогистикатәи аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа. Атәылашҟа излауа ала ирласны авакциана аагара амзызла ари апроцесс иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи. Убри азыҳәан, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебреисуси ҭелла еицәажәеит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиаҿкаара агенералтә директор ишиҳәаз ала, иара дызхагылоу аиҿкаара авакциа аиура азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп, атәыла, излауа ала ирласны, авакцина раҧхьатәи адозақәа аиурц азыҳәан.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра аҳәаақәа ирҭагӡаны есымша 20 нызқь раҟара атестқәа рыҟаҵара нарыгӡоит, аха, ирыдҵаало атәылауаа рхыҧхьаӡара еиҵхеит, убри аҟынтә, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аҳәынҭқарра ирнаҭо алшара рхы иархәаны, иарбанзаалак ареспиратортә симптомк рызцәырҵыр, атест аҟаҵаразы иашьашәалоу амедицинатә усбарҭа иадҵааларц. Қырҭтәыла зехьынџьара ас еиҧш 200 иреиҳаны амедицинатә усбарҭақәа иҟоуп.

Ахеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, аҧкратә уснагӡатәқәа алҵшәа рхылҵит, атәылаҿы апидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп, аха, уажәтәи арбагақәа ҳрықәгәыҕны, ҳҽырҭынчыр ҟалом, избанзар Қырҭтәылагьы адунеи аҿгьы макьана аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аусбарҭабжьаратә хеилаки аепидемиологцәеи ауааҧсыра ирыбжьаргеит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәақәа рзы еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа реиҿкаареи рылахәызаареи рҽазырымкырц, аныҳәамшқәа аҩны имҩаҧыргарц.

Авирус аларҵәара апревенциазы ахадаратә уснагӡатәс иаанхоит асабрақәа рныҟәгареи, асоциалтә дистанциа ахьчареи.

Ахеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аҧкратә уснагӡатәқәа рыбзоурала аҭагылазаашьа еиҕьхеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара ахылаҧшра ацентр «112» аҿгьы. Ацентр иадҵаало ауааҧсыра рхыҧхьаӡара маҷхеит.

Ҧхынҷкәын 24 инаркны аҧкрақәа рыхәҭак рырҟәымшәышәра инаваргыланы, аџьаус аинспекциеи иашьашәалоу ахылаҧшратә маҵзурақәеи активла амониторинг мҩаҧыргоит еиуеиҧшым ахәаахәҭратә обиектқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи рҿы, абарҭ аобиектқәа ирҭаауа ауааҧсыра ршәарҭадара ихьчазарц азыҳәан.

Қырҭтәыла аџьаус аинспекциеи, ахашәалахәтә маҵзуреи, афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи, амуниципалтә хылаҧшратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 2779 обиектқәа гәарҭеит. Амониторинг алҵшәақәа абас ауп ишыҟоу: Қарҭ 54 обиектқәа гәарҭеит, Имереҭии Аҷареи 1791 обиектқәа. 20 обиектқәа русушьа шьаҭанкыла иҭҵаан, аха уаҟа аилагарақәа аарҧшымызт.

843 обиектқәа, апревенциатә мзызла, ҿырҳәала агәҽанҵара рыҭан. 2 обиектк ахара рықәырҵеит ззин иҟам аусура анагӡаразы. Афизикатә хаҿқәа, азинда, асоциалтә уснагӡатәқәа мҩаҧыргон. 69 обиектқәа апротокол инақәыршәаны аус руан.

Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара аганахьала азинхьчаҩцәа имҩаҧыргаз амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла аарҧшуп атәыла зехьынџьара ишьақәыргылоу аҧкрақәа реилагара 611 афактқәа.

Аполициа аусзуҩцәа, аҽыҧхьакра ма акарантин аҧҟара аилагаразы 93-ҩык ахараҧса рықәырҵеит. Ахараҧса зқәырҵаз иреиуп асааҭ 21:00 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра еилазгаз ауааҧсырагьы. Иара убас, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла асабрада аныҟәгара аҧҟара еилазгаз 518-ҩык ахараҧса рықәырҵеит. Иара убас, аполициа аусзуҩцәа, аҽыҧхьакреи акарантини аҧҟара аилагаразы Қарҭ ҩыџьа ачымазаҩцәа ахараҧса рықәырҵеит.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит 222 143 ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 206313-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2418-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 2418-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1311-ҩык, астационар аҿы - 5624-ҩык апациентцәа.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa