Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбарақәеи, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рылҵшәақәеи, афымцеи аӡи ртарифқәа асубсидиақәа рзоушьҭреи абрифинг аҿы далацәажәеит Print Version

2020-12-29

2020 шықәса анҵәамҭанӡа инеит; ари ашықәс уадаҩын, аглобалтә масштаблагьы, атәыла азгьы. Иахьа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара мҩаҧган, сынтәа уаҳа аилатәара мҩаҧаҳамгар ҟалап, убри аҟынтә, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, хықәкылатәи аҧкрақәеи, аҧкрақәа ирхылҵыз алҵшәақәеи срылацәажәар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧигаз абрифинг аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, мызкык аҧхьа Қырҭтәыла есымша авирус ҿызкаауаз ауаа рхыҧхьаӡара убас ирацәан, зегьы иреицәаз арбгақәа змаз европатәи атәылақәа ҳреиун, аха хықәкылатәи аконкреттә аҧкрақәа крызҵазкәа алҵшәақәа рхылҵит.

„Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп, ҳара аҧкрақәа мацара ракәӡам ҳазлацәажәо. Ҳтәылауаа абарҭ аҧкрақәа ирықәныҟәалароуп. Иахьазы 70 наӡына атәылауаа асабрадақәа ныҟәыргоит, жәларбжьаратәи ахәшьараҭаратә аиҿкаарақәа ишазгәарҭаз ала, уи ҳтәылауаа ирыбзоуроуп, убри азыҳәан ҳтәылауаа ҭабуп ҳәа раҳҳәароуп. Абҵара анҵәамҭеи ҧхынҷкәын алагамҭеи азы атәылаҿы зеиҧшҟамлац ала ирацәаны ауааҧсыра авирус ҿыркааит, усҟан есымш 5 000 афактқәа ҳаман, аха, иахьа абри ацифра 2012 аҟынӡа илаҟәит, абри ақәҿиара ҳазынтәгьы иҳабзоуроуп. Иахьазы агоспитальтә сектор аҿы 2000 раҟара иҭацәу аҭыҧқәа ҳамоуп, уи иаанагоит акоуп, иахьазы агоспитальтәи агәабзиарахьчаратәи система иҭышәынтәалоуп, иаҳа идуу апроблемақәа рықәҿыҭра алшоит, аха, ҳара ҳазынтәгьы инаҳагӡаша, аҵакы ҷыда змоу елементкгьы иҟоуп. Сара имариоу аҧҟара, асабрадақәа рныҟәгара ауп сызлацәажәо. Шаҟа ирацәаны ауааҧсыра асабрадақәа ныҟәырго, убри аҟара имаҷхоит авирус аларҵәара арбага. Иаҳа имарианы исҳәар сылшоит - асабрадақәа рныҟәгара анаӡынатә арбага шаҟа идуу аҟара, иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа рыхьчареи, иаҳа ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи ҳалшоит. Шаҟа ирацәаны атестқәа ҟаҳҵо аҟара иаҳа ирласны ачымазаҩцәа аарҧшны, иҳахәшәтәуеит. Насгьы - атәылаҿы шаҟа ирласны авакцина ҳауа, иаҳа ирласны аепидемиа аҵаҳархоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, иахьазы атәылаҿы есымша 20 нызқь тестқәа рыҟаҵара алшара иҟоуп, аха, атест аҟаҵаразы амедицинатә усбарҭақәа ирыдҵаало ауаа маҷуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит хымҧада атест ззыҟаҵатәу ауаа инрываргыланы, баша асимптомқәа змоу ауааҧсырагьы атест ҟарҵарц, дареи рҭаацәара алахәылацәеи шәарҭада анхара рылшарц азыҳәан, убри ала атәыла иацхраауеит ирласны аекономика аиҭашьақәыргылараҿы.

Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, Қырҭтәыла, иара ахала апандемиа изаиааиуам, иазбанзар, ари апроблема аглобалтә ҟазшьа амоуп, аха, азеиҧш ҽазышәара ала аглобалтә кризис аҵархатәуп.

„Абраҟа крызҵазкәа елементқәак иҟоуп - излауа ала ирацәаны ауааҧсыра зехьынџьара асабрадақәа рыҟәыргалароуп, убри абзоурала аусуратә ҭыҧқәа рыхьчареи ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи ҳалшоит, Арегионқәа рҿы излауа ала атестирра апроцесс ҳарҭбаароуп, ҳара уи азыҳәан ҳахиоуп. Зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыреи ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу атәылауааи ҳреиҷаҳароуп, уи зегьы иаҳуалуп. Ҳара апандемиа аҵаҳархаргьы, уи иаанагом атәыла ақәҿиара наӡа аиуит ҳәа. Апандемиа аҵарханы атәыла аекономикатә кризис алҵреи аекономика аиҭашьақәыргылареи ҳалшар, убасҟан ауп атәыла ақәҿиара наӡа анамазаауа", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы рымааауеит асоциалтә цхыраареи, асоциалтә ҭагылазаашьеи, аусуратә ҭыҧқәа рыхьчареи, аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵареи.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҵыхәтәантәи шықәсык иалагӡаны аиҳабыра имҩаҧырго хықәкылатәи асоциалтә цхыраара апрограммагьы дазааҭгылеит.

„Аҵыхтәантәи аҧкрақәа рнеҩс, аҧкрақәа абаланс рзура амзызла, аҧкрақәа рымшала азарал зауз ауааҧсыреи аилахәырақәеи зныктәи асоциалтә цхыраара рыҭара ҳалагеит. Ахәаахәҭратә аҳақәеи, аџьармыкьақәеи, уҳәа егьырҭгьы аобиектқәа роуп сызлацәажәо. Иахьазы, зныктәи ацхыраара аируразы 130 000 иреиҳаны арзаҳалқәа ҳаухьеит, урҭ реиҳара, 110 000 иреиҳаны инаҳагӡеит, ҳәарада, ашықәс анҵәамҭазы арҭ ауаа зегьы ацхыраара роуеит. Уи алагьы иубарҭоуп аепидемиа аекономиказы анырра ду шамоу, ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа изы аусуратә ҭыҧ ацәыӡра иаанаго, аиҳабыра рзы аусуратә ҭыҧқәа рыхьчара ҵакыс иамоу", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла афымцеи аӡылеиқәыршәареи арегулиациатә комиссиа аилатәарагьы далацәажәеит. Акомиссиа аилатәара иалшәаны Қырҭтәыла аиҳабырагьы аекспертцәагьы афымцазы атариф азҳара иазыҧшуп.

„Абри афактгьы ахатә мзызқәа амоуп. Ишыжәдыруа ала, 2017 шықәсазы аметодологиа иҧсахын, убри ашьҭахь, хышықәса рыҩнуҵҟа атариф рыҧсахуамызт. Ҳәарада, аметодологиаҿы имҩаҧгаз аҧсахрақәа еиуеиҧшым ахәшьара рыҭазар ауеит, аха, иахьазы абас ауп ишыҟоу. Убри аҟынтә, ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаауеит афымцеи аӡи рыхәҧса ацлар шыҟало, аха, аӡы ахәҧса ацлоит Қарҭи, Русҭавии Мцхеҭеи мацара. Ҳара ҳтәылауаа асоциалтә хықәкылатә цхыраара анраҳҭо, шәызынтәгьы ибзианы ишәгәалашәоит ааҧынразы акоммуналтә шәахтәқәа ршәаразы Қырҭтәыла атәылауаа аҧара рзоушьҭра ҳшалагаз, уи афымцеи, агази, аӡи, ирыдҳәалан. Абри аҩыза апрограмма иахьагьы иҟоуп, уи абҵара инаркны ҳалагеит. Сызлацәажәо асубсидиақәа роуит 1.2 миллионҩык абонентцәа. Абри зегьы ҟаҳҵоит аекономикатә кризис аан ҳтәылауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа зынӡаск еицәамхарц азыҳәан. Аха, аобиективтә мзызқәа рымшала афымца атариф ацлар, аиҳабыра даҽа проблемак рызцәырҵуеит, ҳәарада, атәыла анапхгара, Қырҭтәыла аиҳабыра ари апроблемаагьы рыӡбоит, иахьа ҳара иҳаздырӡом атариф зеиҧшрахо, уи акомиссиа ауп изыӡбаша", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧи, аиҳабыреи, апарламент алахәылацәеи ари азҵаара иалацәажәан, уажәазы зда ҧсыхәа иҟам аӡбара рыдыркылеит - 2021 шықәсазы Қырҭтәыла атәылауаа афымцазы атариф аизырҳара рыдкьыслом.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, уажәтәи атарифи иахьа акомиссиа ишьақәнаргыло атариф ҿыци реиҧшымзаара ихырҩуеит 300 киловаттынӡа зхы иазырхәо абонентцәа рзы.

„Инеизакны Қырҭтәыла иҟоуп 1.7 миллион абонентцәа, урҭ рҟынтә 1.6 миллион абонентцәа 300 киловатт еиҵны афымца рхы иадырхәоит. Ҽакала иаҳҳәозар, Қырҭтәыла 95% аҭаацәарақәа афымца ахә иацло атриф азы аҳәынҭқарра аҧара рзоунашьҭуеит. Ҳара уи ҟаҳҵоит акризис аганахьала ҷыдала иуадаҩу 2021 шықәсазы, ҳтәылауаа егьырҭ исериозу апроблемақәа анроуа, афымцазы атариф аизырҳара иадҳәаланы иҵегьы даҽа проблемак рызцәырымҵырц азыҳәан", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Иара убас, Қарҭи, Русҭавии, Мцхеҭеи иазҳауа аӡы атариф азгьы социалла ихьчам ауааҧсыра аҳәынҭқарра аҟынтә асубсидиақәа роуеит.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, афымца ахә ацлара афизикатә хаҿқәа мацара ракәӡам издызкьысло, аиҿкаарақәагьы атриф ҿыц инақәыршәаны афымца ахә ашәара рықәшәоит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ари азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, афатәаалыҵ ҭзыжьуа аилахәырақәа 2021 шықәсазы ирзоурышьҭуеит иахьатәи атарифи иазҳауа атарифи реиҧшымзаара аҟынтә 50%.

„Абри аминимум ауп иахьазы аиҳабыра иҟарҵар ирылшо. Агәра шәсыргар сҭахуп, афымца ахә ацларгьы, уи Қырҭтәыла иҟаҵоу аалыҵ аҵыхәтәантәи ахә ианырҧшуам. Абарҭ аӡбарақәа роуп ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҳадаҳкылаз. Еилышәкаауазар ҟалап, абарҭ ашьаҿақәа хымҧада ишыҟаҵатәыз Қырҭтәыла ауааҧсыра афымца ахә ацлара амшала иацҵаны апроблемақәа рмоурц азыҳәан, иара убас, зда ҧсыхәа иҟам афатәаалыҵ ҭзыжьуа аилахәырақәа раалыҵ ахә ашьҭыхра рықәымшәарц азыҳәангьы, избанзар уигьы ҳтәылауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа ианыҧшуеит. Абри аӡбара анагӡаразы атәыла абиуџьет аҟынтә шаҟа аҧара ҳҭаххо еилкаахоит акомиссиа атариф ҿыц анышьақәдыргылалак ашьҭахь. Ишыжәдыруа ала, иахьа апарламент аҿы абиуџьет ахәаҧшра иалагоит, ҳареи апарламент алахәылацәеи иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит атәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла абиуџьет аҿы иарбазарц азыҳәан", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак риҭеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa