Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Украина Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраан иалхра Print Version

2020-12-30

Украина Аҧыза-министр Денис Шмигал Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Қырҭтәыла Аҧыза министрс аҩынтәраан иалхра.

Ҩ-тәылак Рҧыза-министрцәа иахьа ҭелла еицәажәеит.

Денис Шмигал Гаргь Гахариа ақәҿиарақәа иреиҕьашьаны, ҩ-тәылак ирыбжьоу апартниорра иаҳа арҭбаара дшақәгәыҕуа иазгәеиҭеит.

Аиҿцәажәара аан аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Украинеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аусеицуреи иазгәарҭеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи ирзеиҧшу европатәи аҽазышәарақәеи, иара убас, ирзеиҧшу апроблемақәеи рымоуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы аҩ-тәылак рҿиааразы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ирымоу аҵакы иазгәеиҭеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa