Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Словакиатәи ареспублика Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Аҧыза- министрс аҩынтәраан иалхра Print Version

2020-12-30 

Словакиатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аиҩызаратә конструктивтә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи аҩ-тәылак ринтересқәа ирылоуп, - Словакиа Аҧыза-министр Игор Матович ари иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа изааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны. Иара Гьаргь Гахариа Аҧыза-министрс аҩынтәраан иалхра идиныҳәалеит.

Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Словакиатәи ареспублика ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылоит евроинтеграциа апроцесс аҿы.

„Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраан шәалхра.
Словакиеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу аиҩызаратә конструктивтә еизыҟазаашьақәа ҳаҧхьаҟа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи аҩ-тәылак ринтересқәа ирылоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Агәра шәсыргар сҭахуп Словакиа ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ишадгыло евроинтеграциа иазку шәҽазышәарақәа рынагӡараҿы. Иара убас, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Словакиатәи ареспублика Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Ақәҿирақәа шәзеиҕьсшьоит аҭакҧхықәра ду зцу абри амаҵзураҭыҧ аҿы шәнапы иану аҧхықәрақәа рынагӡараҿы", - иануп Словакиатәи ареспублика Аҧыза-министр идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa