Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Естониа Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа иахь - Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Естониеи рыбжьара иҟоу иссиру аизыҟазаашьақәа шәара шәнапхгарала иаҳа ишыҕәҕәахо Print Version

2020-12-30

Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Естониеи рыбжьара иҟоу иссиру аизыҟазаашьақәа шәара шәнапхгарала иаҳа ишыҕәҕәахо, - иҩит Естониа Аҧыза-министр Иури Ратас Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа изааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны. Иури Ратас Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Естониа ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит адемократиатә, економикатә аҿиареи евроатлантикатә интеграциеи апроцесс аҿы Қырҭтәыла адгыларазы аҭакҧхықәра ду шрыду.

„Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра.

Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Естониеи рыбжьара иҟоу иссиру аизыҟазаашьақәа шәара шәнапхгарала иаҳа ишыҕәҕәахо. Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара ҳтәылаҿы ибзианы ишеилаҳкаауа адемократиатә, економикатә аҿиареи евроатлантикатә интеграциеи апроцесс аҿы Қырҭтәыла адгыларазы аҭакҧхықәра ду шҳаду. Абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аполитикатә мчқәа реиқәшаҳаҭхаразы, шәара азеиҧш ашьаҭеи акомпромисси рыҧшаара нашәыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит. Апарламент аҿы аполитикатә спектр наӡа аҟазаареи атәыла аҩнуҵҟа аҭышәынтәалареи аҵакы ду амоуп абас иуадаҩы агәыла дызмоу адемократиатә тәыла аҿиаразы.

Абри ахырхарҭала бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит, ишаҧу ала, иссиру аусеицура сахыццакуеит", - иазгәеиҭеит Естониа Аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa