Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариа - Ашәарҭадара аиқәыршәаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп ахырхарҭақәа зегьы рыла атәыла аҿиара - аекономика инаркны аполитика аҟынӡа Print Version

2020-12-29

  ..

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа рквалификаца иахьазы атәыла ашәарҭадара аконтекст аҿы аҧыжәара змоу зҵаароуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы даныҟаз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҵаратә центр апартниорцәа рҟны аусеицура ала иаҧҵан, хара имгакәа абраҟа, атәыла ашәарҭадара амаҵ зуша, ибзианы иазыҟаҵоу акадрқәа роужьҭра иалагоит.

„Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҵаратә центр зквалификациа ҳараку акадрқәа рырмазеира иазкуп. Иахьа адунеи зехьынџьара, ашәарҭадара аганахьала, апроблема ду иҟоуп, ҷыдала ҳрегион аҿы ашәарҭара иаҳа-иаҳа иазҳауеит. Убри аҟынтә, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура акадрқәа рквалификациа атәылазы аҧыжәара змоу зҵаароуп. Зыӡбахәы ҳәоу ацентр еиҿкаан ҳпартниорцәа рҟны аусеицура ала. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп хара имгакәа, абраҟа, атәыла ашәарҭадара еиқәзыршәаша иашьашәалоу акадрқәа роужьҭра ишалаго, ишыжәдыруа ала, ашәарҭадара зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп ахырхарҭақәа зегьы рыла атәыла аҿиаразы, аекономика инаркны аполитика аҟынӡа. ҳәарада, арегиналтә шәарҭадарагьы ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҵаратә центр ҿыц аҿы Аҧыза-министр ицын апарламент ахантәаҩи Аҳәынҭқарратә әшарҭадара амаҵзура аиҳаби. Гьаргь Гахариеи Арчил Ҭалакваӡеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа иҿыцӡоу атехнологиақәеи апрограммақәеи рыла разыҟаҵара иазку, ҳаамҭазтәи аҵаратә инфраструктура ала еиқәыршәоу аҵаратә центр иазку аинформациа риҭеит Аҳәынҭқарратә шәарҭаадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвили. Лымкаала, Аҳәынҭқарратә шәарҭаадара амаҵзураҿы аларҵәара иалагеит Евроеидгылеи НАТОи иалахәы атәылақәа иреиҕьу рҧышәа ашьаҭала иаҧҵоу аусзуҩцәа ралхреи ахәшьара рыҭареи разыҟаҵареи асистема ҿыц. Ареформа абзоурала, абри амаҵзураҿы, жәларбжьааратәи астандартқәа инрықәыршәаны азыҟаҵара ҷыда иахысуа, зыҩаӡара ҳараку профессионалцәас иҟало акадрқәа ралхреи разыҟаҵареи рылшоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa