Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2021 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2021 шықәсa мшаԥы 26 азы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2021-04-26

Қырҭтәылa Аҧызa-министр Иракли Ӷарибашвили инaпхгaрaлa, aиҳaбырa русмҩaҧгaрҭaҿы aиҳaбырa реилaтәaрa мҩaҧысит. Аминистрцәa aмш aусхәaҧштә aлa иaзыҧхьaгәaҭaз 26 зҵaaрaк ирылaцәaжәеит.Ҳара атәыла аиҭакра ҳалагоит - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аинициатива ҿыц даналацәажәоз, Аҧыза-министр апрограмма аҵакы дазааҭгылеит.

„Зыӡбахәы ҳәоу апрограмма ала иазҧхьагәаҭоуп 63 амуниципалитетқәа рҿы аурбантә аиҭакрақәеи, зҵакы дуу акультуратәи аҭоурыхтәи ҭынхара аобиектқәа реиҭашьақәыргылареи, амуниципалитетқәеи административтә центрқәеи рырҽеиреи, арекреациатә қәыҧшыларақәа реиҿкаареи, арекреациатә паркқәа рҿы атуристтә инфраструктура арҿиареи, амуниципалитетқәа зегьы рҿы зҵакы дуу ауаажәларратә обиектқәа реиҭашьақәыргылареи аҿыц обиектқәа рыргылареи, иара убас, ақалақьқәеи амуниципалитетқәеи, акурортқәеи, аиланхарҭақәеи зегьы аурбантә ганахьала рырҿыцреи. Иара убас, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵахоит аҧсшьаратәи, атуристтәи, ауаажәларратәи азона ҿыцқәа.

Ҳәарада, шәара шәызынтәгьы ижәдыруеит Қырҭтәыла ауаа рыдыҧхьалара зылшо имаҷымкәа аҭыҧқәа шыҟоу, арҭ аҭыҧқәа иаҳа ирацәаны ҳтәылауааи атәым асасцәеи рыдыҧхьалара рылшаратәы иҟаҳҵароуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, атәыла арегионқәа зегьы асоциал-економикатә аҿиаразы еиҟараны алшара рымазароуп, уи аҵакы ду амоуп.

„Ҳтәылауаа, дара иахьынхо аҭыҧ аҿы, ишахәҭоу ала анхареи, аусуреи, аҿиареи азы ирымоу алшарақәа еиҕьтәуп, абри аҳасабтә аҳәынҭқарразы ахадаратә ҵакы аиуроуп. Атәыла арегионқәа рҿы аҭыҧантәи ауааҧсыра рзы атуристтә ганахьала аинтерес зҵоу аҭыҧқәа аарҧштәуп, асоциалтә лагылазаара еиҕьтәуп, ҳәарада, абри зегьы арегионқәа зегьы рекономикатә ҭагылазаашьа ибзианы ианыҧшуеит, арегионқәа реиҭакреи рырҿыцреи иацхраауеит, ауаа иаҳа ирацәаны алшарақәа рызцәырҵуеит.

Арегионқәа реиҭакра апроект раҧхьатәи аетап 500 миллион лари иаҧсоуп. Раҧхьа иргыланы, абри апроект ала иазҧхьагәаҭоуп аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, арегионқәа ирықәынхо ҳуааҧсыра рзы, инақәырҧшны, 15 000 аҿыц усуратә ҭыҧқәа раҧҵара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит.

Апрограмма ала иазҧхьагәаҭоу апроектқәа рзы атендерқәа рылаҳҳәоит ҳазну амчыбжь азы, ишысҳәаз еиҧш, рашәара инаркны, 63 амуниципалитетқәа рҿы зымҽак дуу аусурақәа рымҩаҧгара ҳалагоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апрограмма ала иазҧхьагәаҭоу апроектқәа нарыгӡоит Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистрраҿы иҟоу „Амуниципалтә аҿиара афонди" , иара убас, амуниципалитетқәеи.

„Апрограмма 500 миллион лари азоуҳашьҭуеит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә, иара убас, апрограмма анагӡара иацхраауеит жәларбжьаратәи афинанстә институтқәагьы.

Апрограммеи апроектқәеи рхы рыладырхәоит иреиҕьу архитекторцәа. Ҳәарада, арегионқәеи амуниципалитетқәеи зегьы рҿы иҟоу ахатә милаҭтә ҷыдарақәа ихьчазаауеит. Уи ҳтәыла арҿыцра алагамҭа ҕәҕәа акәхоит.

Ҳара хара имгакәа абарҭ аусурақәа рымҩаҧгара ҳалагоит. Ҳаҭыр зқәу Иракли Қарселаӡеи игәыҧи аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа абри апроект азы активла аус руан, сара ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Уажәы аус аҟаҵара ҳалагароуп. Ҳара зехьынџьара, амуниципалитетқәа зегьы рҿы, еиҟараны, аҿыц стандартқәа алаҳарҵәароуп. Ҳтәыла азеиҧш асахьа зыҧсахша, европатәи астандарт ҿыц. Уажәы ҳара, ҳҽеидкыланы, иаҳа ирацәаны аус аауроуп, иаҳа аџьабаа ҳбароуп, ҳтәылауаа иаҳа ҳрыдгылароуп, иаҳа ҳрыцхраароуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa