Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы аҳәамҭақәа ҟаиҵеит Print Version

2021-02-25

Иахьа инаркны ақалақьбжьаратә транспорт аусура еиҭалагоит, асабшеи амҽышеи рзгьы; иара убас, иахьа инаркны, аепидемиологиатә стандартқәеи арегулиациақәеи рыхьчара ала, ашьхатә курортқәа рҿы асасааиртақәа аадыртуеит; Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт асабшеи амҽышеи рзгьы аус ауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, етапла аҧкрақәа рырҧсыҽра иазку аплан инарҭбааны далацәажәеит.

„Еиқәыршәоу аплан инақәыршәаны, етапла иаартхоит: ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа; аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи ахәыҷбаҳчақәа; иреиҳаӡоуи азанааҭтәи аҵараиурҭақәа; аресторанқәа иарку ақәыҧшылараҿгьы аусура еиҭалагоит, асабшеи амҽышеи рыда; ахәаахәҭратә центрқәа аус руеит асабшеи амҽышеи рзгьы; абиблиотекақәеи, амузеиқәеи, ашколтә гәыҧқәеи, атеатрқәеи, иара убас, азанааҭтә ансамбльқәеи, аспорттә клубқәеи, уб. егь.. етапла аусура еиҭалагоит. Сара даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп - ҳәарада, аҧкра цыҧхьаӡа аҧыхра ма арҧсыҽра аҭакҧхықәра ду ҳаднаҵоит. Иара убас, ҳтәылауаа срыҳәар сҭахуп, арегулиациақәеи абжьагарақәеи иаҳа ҭакҧхықәрала ирықәныҟәаларц, избанзар, аиҳабыра еиқәшаҳаҭны аус руроуп, аха, агәабзиарахьчара аминистр қәҿиарала имҩаҧылго аусура абзоурала иахьа иҳамоу апрогресс ҳцәымӡырц, иаҳа иҳарҕәҕәарц азыҳәан, аҭагылазаашьа еицәамхарц азыҳәан арегулиациақәа хымҧада инаҳагӡароуп. Ари аҳасабтә анагӡаразы ҳаиқәшаҳаҭны аус аауроуп, ари аус аҿы аиҳабыреи ауааҧсыреи еидгылароуп. Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҧҟьарада ҳацклаҧшуеит, аҧкрақәа ирыдҳәаланы анеҩстәи ашьаҿа ҟаҳҵоит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа анализ ашьаҭа ала,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвили автоимпортиорцәа ирзышьақәыргылаз азинҷыдақәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, 2019 шықәса жьҭаара 1 инаркны 2020 шықәса лаҵара 1нӡа атранспорттә хархәагақәа аазгаз ауааҧсыра абаџьхшәааразы ирымаз аҿҳәара ацҵоуп рашәара акынӡа.

„Ишыжәдыруа ала, 2019 шықәса жьҭаара 1 инаркны 2020 шықәса лаҵара 1нӡа Қырҭтәыла ахазалхратә аҵакырадгьыл иҭалаз атранспорттә хархәагақәа рзы абаџьхшәаара аҿҳәара ацҵан 2021 шықәса хәажәкыра акынӡа. Ҳара ари аҿҳәара рашәара акынӡа иацаҳҵарц ҳаӡбеит. Абри азинҷыда рхы иадырхәар рылшоит атранспорттә хархәагақәа зтәу 19 000ҩык ауааҧсыра. Иара убас, арҭ ауаа анаӡына иақәынкылатәыз аицҵалыцгьы роуеит, Апандемиа аан абри аӡбара асектор аҿиареи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз арбагақәа рахь ахынҳәреи иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформазы ахеилак еиҿыркаауеит, уи алахәылацәа ареформа астратегиа аус адырулоит.

„Ҳаиҳабыра аҳәынҭқарратә наплакқәа ркомплекстә реформазы активла аусура иаҿуп. Ареформа хықәкыс иамоуп анаплакқәа анапхгара рыҭара асистема акорпорациатә напхгараҭара иреиҳаӡоу астандартқәа рзааигәахара. Уи европатәи ахкы иаҵанакәа, иреиҕьу европатәи астандартқәеи аҧышәеи рышьаҭа ала имҩаҧааго реформоуп. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд активла абри ареформа иадгылоит, иара убас, ари аус иалахәып апартниортә аиҿкаарақәагьы, Адунеи абанки, Азиатәи аҿиара абанки. Аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа апандемиа иахылҵыз акризис алҵреи ҳаҧхьаҟа ҳекономика аҿиареи иацхраауеит. Ареформа қәҿиарала амҩаҧгара амзызла еиҿаҳкаауеит Аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформазы ахеилак, уи алахәылацәа аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа астратегиа аус адырулоит, аконкреттә план еиқәдыршәоит, иара убас, ареформа амҩаҧгара еиқәыршәаны, аетапқәа зегьы ирыцклаҧшуеит.
Қырҭтәыла аҳәынҭықарратә ааглыхра аекономикатә усхкқәа рырҿиараҿы крызҵазкәа ароль нарыгӡаратәы апотенциал рымоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ареформа абзоурала, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә наплакра асектор аҿы ақәҿиарақәа реизырҳареи, аекономикатә активраҿы дара рроль аизырҳареи, атәылаҿы абизнеслагылазаара аиҕьтәреи, афискалтә қәыҧшылара ақәыҕәҕәареи афискалтә шәарҭарақәеи рырмаҷреи иацхраароуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы аминистрцәа ирыдигалеит ҩыџьа авице-аҧызацәа - адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании афинансқәа рминистр Иване Маҷавариании.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa