Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Дарбанзаалак атәылауаҩ, ҷыдала амедиа ахаҭарнак изы амчылара хҳәаара аҭахымкәа сақәыӡбоит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра саҭабууп абас ирласны ақәлаҩцәа раанкыларазы Print Version

2021-02-25

Дарбанзаалак атәылауаҩ, ҷыдала амедиа ахаҭарнак изы амчылара хҳәаара аҭахымкәа сақәыӡбоит, - иҳәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналист Вахо Санаиеи уи иҭаацәареи рықәлара афакт данахцәажәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирласӡаны ақәлаҩцәа раанкыларазы.

„Ажурналист Вахо Санаиеи иҭаацәареи рықәлара афакт сазааҭгылар сҭахуп. Дарбанзаалак атәылауаҩ, ҷыдала амедиа ахаҭарнак изы амчылара хҳәаара аҭахымкәа сақәыӡбоит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра саҭабууп абас ирласны ақәлаҩцәа раанкыларазы. Агәра шәсыргар сҭахуп, аҳәынҭқарра ари афакт ишахәҭоу ала иақәҿнаҭуеит, ахара зду ауаа зегьы рықәнага иақәдыршәоит", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa