Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Жәабран 25 даҽазнык иҳгәаланаршәоит ҳфырхацәа, аиункерцәагьы нрылаҵаны, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы шақәырҵаз Print Version

2021-02-25

Иахьатәи амш, жәабран 25, ҳтәыла аҭоурых аҿы зегьы реиҳа ихьанҭоу атрагедиатә мшқәа иреиуп, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Коџьори даныҟаз, иара уаҟа аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵан, иҭахаз аџьынџьуаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ицын апарламент ахантәаҩи, атәылахьчара аминистри, Қарҭ ахадеи.

"Абри амш даҽазнык иҳгәланаршәоит ҳаҧсадгьыл аҿаҧхьа ҳфырхацәа рылшамҭақәа шдуу. Ҳфырхацәа, аиункерцәагьы инрылаҵаны, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рхы ақәырҵеит. Убри аҟынтә, ҳтәыла хәҭак аамҭала импыҵахаланы ишыҟоугьы, иахьатәи амш даҽазнык иҳәгаланаршәоит ҳтәыла арҕәҕәареи, адемократиатәи аекономикатә аҿиареи, мышхәыбзазара аиқәыршәареи амҩа ҳшанылаша. Абри амҩоуп атәыла аидҵара аҟынӡа ҳназгаша. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳәарада, ҳара ҳазынтәгьы атәыла аидҵара ҳазҿлымҳауп, абри ауп хықәкыс иҳамоу. Убри аҟынтә, иҭахаз ҳфырхацәа даҽазнык срымҵахырхәоит, даҽазнык ҳаҭырла исгәаласыршәоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa