Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Ҳгәыҧ иаамҭаны иҟарҵаз ашьаҿақәеи, ақырҭуа аҳақьымцәеи аепидемиологцәеи рзанааҭдырреи, ҳтәылауаа иаадырҧшыз атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи абзоурала, қәҿиарала авирус аҿагылара ҳалшеит Print Version

2021-02-26

Ҳгәыҧ иаамҭаны иҟарҵаз ашьаҿақәеи, ақырҭуа аҳақьымцәеи аепидемиологцәеи рзанааҭдырреи, ҳтәылауаа иаадырҧшыз атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи абзоурала, апандемиа ианалагоз ааҧынразгьы, аҩбатәи ацәқәырҧа аангьы қәҿиарала авирус аҿагылара ҳалшеит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иахьазы аҭагылазаашьа шыцәгьамгьы, ақәҧара инагӡоит, аҽырҭынчра ҟалом.

„Қырҭтәыла акоронавирус ахкҿыц раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны шықәсык ҵит. Абри аамҭа иалагӡаны, адунеи зегьы иуадаҩӡоу даҽа режимк аҿы инхоит. Адунеи идуӡӡоу аекономикақәа змоу атәылақәа ихьанҭаӡоу ааха роуит. Қырҭтәылагьы уи изацәымцеит. Апандемиа зегьы ирыдкьыслеит.

Шықәсык ҵуеит ҳара иубарҭам аҕа ҳаиҿагыланы ҳақәҧоижьҭеи. Ҳгәыҧ иаамҭаны иҟарҵаз ашьаҿақәеи, ақырҭуа аҳақьымцәеи аепидемиологцәеи рзанааҭдырреи, ҳтәылауаа иаадырҧшыз атәылауаҩратә ҭакҧхықәреи абзоурала, апандемиа ианалагоз ааҧынразгьы, аҩбатәи ацәқәырҧа аангьы қәҿиарала авирус аҿагылара ҳалшеит. Исериозу апроблемақәа иҟан. Ирласӡаны апандемиа ахылаҧшра арежим ашҟа аиасра ҳақәшәеит, иаҵшьны иазгәаҭатәуп, ҳара ари апроблема қәҿиарала ҳаҿагылеит.

Аиашаз, адунеи аҿы авакцина амаҷра амшала, ҳтәылауаа рвакцинациа алагара аганахьала ауадаҩрақәа иҟоуп, аха, агәра шәсыргар сҭахуп, аусбарҭа цыҧхьаӡа иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәыла авакцина раҧхьатәи адозақәа излауа ала ирласны аиурц азыҳәан.

Иахьазы аҭагылазаашьа шыцәгьамгьы, арегулиациақәа реиҳара ишаҧыхугьы, ақәҧара инагӡоит, аҽырҭынчра ҟалом. Ҳара авирус ацынхара аҵара ҳаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳажәлар ибзианы ишеилыркаауа аҽырҭынчреи ишьақәыргылоу арегулиациақәа ратәамбареи шыҟамло.

Ҳара ҳаидгыланы, абри апроблема аҵыхәанӡа аҭыҧқәҵара шҳалшо агәра згоит", - иҳәеит Аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa