Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара Print Version

2021-05-09

Европатәи апринципқәа рыхә зшьо, Қырҭтәыла европатәи аҳәынҭқаррақәа рҭаацәара ду иалахәызароуп ҳәа згәы иаанго ауааҧсыра зегьы Европа амш рыдысныҳәалоит. Ирыдысныҳәалоит ҳҩызцәа - Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи.

Ҳара, ақырҭуаа европатәи акультура ҳаҵанакуеит, уи ҳгәы аздууп. Ахьыҧшымра аиура амш инаркны иахьанӡагьы ҧсабаратәла ҳара иаҳтәу алагылазаара ашҟа - европатәи ақәыҧшылара ашҟа ҳхы рхоуп.

Агәра ганы сыҟоуп ҳара Европа шаҳҭаху еиҧшҵәҟьа, европатәи аидгылагьы Қырҭтәыла шырҭаху.

Абри акзаара ахырхарҭала иакымкәа ашьаҿақәа ҟаҳҵахьеит. 2014 шықәсазы ахадаратә хҭысны иҟалеит Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра. Европа атәылақәа рҟны авизатә ҧынгыла аҧыхра абзоурала, ҳара европа иаҳа ҳазааигәахеит.

Евроинтеграциа апроцесс абзоурала, аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа зеиҧшҟамлац алшарақәа рызцәырҵуеит, Европа азааигәахара иахылҵуа ахырҳагара даргьы рхы иадырхәар рылшоит.

Қырҭтәылеи Европеи реизыҟазаашьақәа иахьа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп. Европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, избанзар, даара рыдгылара акәымзҭгьы, Қырҭтәыла абри аҩыза апрогресс зыҟаломызт.

2024 шықәсазы ҳара Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟаҳҵоит. Ҳаамҭазтәи абиҧара ҳазхылҵыз ауаа иззықәҧоз рхықәкы анагӡара рылшоит, сара уи насыҧ дуны исыҧхьаӡоит.

Европа амш шәыдысныҳалоит!