Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили – Атәыла анапхгара рнапаҿы иҟоу аберкетқәа зегьы рхы иадырхәоит Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы, абри азҵаара иҳаракӡоу аполитикатә аҩаӡараҟны иқәгылоуп, ҳареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи активла ари азҵаара ҳалацәажәоит Print Version

2021-05-08

..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Урыстәыла ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Заза Гахелаӡе иҭаацәара дырҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан Иракли Ҕарибашвили Заза Гахелаӡе иҭаацәара ирзеиҭеиҳәеит закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәразы ацентртә напхгара иҟарҵаз ашьаҿақәа ирызкны.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ацентртә напхгара, дара рнапаҿы иҟоу аберкетқәа зегьы рхы иадырхәоит Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәразы, ари азҵаара иҳаракӡоу аполиткиатә аҩаӡараҟны иқәгылоуп, атәыла анапхгареи жәларбжьаратәи апартниорцәеи активла ари азҵаара иалацәажәоит.

Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Заза Гахелаӡеи иҭаацәареи дышрыдгыло, иара ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра азҵаара аҵакы ду анаршьоит.

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Заза Гахелаӡе закәандарала дааныркылеит 2020 шықәса ҧхынгәы 11 рзы, 2021 шықәса жәабран 5 рзы иара закәандарала 12 шықәеи фымзи аҭакра иқәырҵеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa