Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр агәабзиарахьчара асектор ахаҭарнакцәа дырҧыланы, авакцинациа апроцесс иаҳа ирласны амҩаҧгаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирызкны драцәажәеит Print Version

2021-07-29

 ..  

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили агәабзиарахьчара асектор ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи акоронавирус ахкҿыц аҿагыларазы зегьы иреиҕьу амеханизм - авацинациа апроцесси.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, авакцинациа апроцесс иаҳа ирласны амҩаҧгаразы иацҵаны ақәыҧшыларақәеи алаҵақәа ҟазҵо абригадақәеи еиқәыршәатәуп, абри апроцесс аҿы аклиникақәа ароль ду нарыгӡоит.

Аиҧылараҿы излацәажәаз атемақәа иреиуп иацҵаны аиарҭаҭыҧқәа реиқәыршәара азҵаара. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, қәҿиарала апандемиа аҿагыларазы аҵакы ду амоуп аҳәынҭқарреи агәабзиарахьчара асектори еиқәшаҳаҭны русеицура. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа қәҿиарал ахылаҧшра амзызла, аиҳабыра, излауа ала аклиникақәа рыцхраара иазыхиоуп.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Екатерина Тикараӡеи, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa