Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Ханука самеах! Шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныҳәалоит, Ханука - агәрахаҵареи, аиҭакреи, алашареи аиааира амшныҳәоуп Print Version

2021-11-28

  ..

Ханука самеах! Шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныҳәалоит, Ханука - ахаҵареи, аиҭакреи, алашареи аиааира амшныҳәоуп - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қарҭтәи Синагога ду Ханука амшныҳәа инамаданы данықәгылоз, уаҟа аҧыза-министр ицын аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании Қарҭ ахада Каха Калаӡеи.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ақырҭуааи ауриацәеи 26 ашәышықәса рыҩнуҵҟа аешьара рыбжьоуп, абри аҩыза аизыҟазаашьақәа уаҳа џьаргьы иуҧылом.

"Сашьцәа ауриацәа, шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныҳәалоит! Иахьа абра аҟазаареи, акыр исзыҧсоу, гәыкала бзиа избо сашьцәа рыгәҭа абри амшныҳәа ду азгәаҭареи сара сзы ҳаҭыр дууп. Ишысҳәаз ала, Ханука, агәрахаҵареи аиҭакреи амшныҳәоуп. Алашара аиааира ныҳәоуп. Шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныҳәалоит. Акыр иаҧсоу арабин хада, ҳаҭыр зқәу арабин, шәызынтәгьы салам шәысҭар сҭахуп. Аӡә дыбжьасыжьыр сҭахым, акыр иаҧсоу ҳацҳаражәҳәаҩцәа, ҳаҭыр зқәу Шафтаи Цур, ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩи ҷыдала пату зқәаҳҵо ауаҩи, ҳаҭыр зқәу Ран Гидор, шәызынтәгьы салам шәысҭоит, гәыкала иахьатәи амш шәыдысныҳәалоит. Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳара, иҵабыргны, зеиҧшҟамлац, 26 ашәышықәса инагӡо аешьара ҳабжьоуп, адунеи аҿы уаҳа џьаргьы абри аҩыза аизыҟазаашьақәа шәҧылом. Қырҭтәыла аҩбатәи әш шәыҧсадгьылуп. Ҳара, ақырҭуаа, ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит ҳашьцәа шшәақәу, ҳара уи ахә ҳшьоит. Бзиа ҳаибабоит, ҳаешьареи, ҳаиҩызареи, патуеиқәареи ахә ҳшьоит. Насгьы, иазгәасҭар сҭахуп ақырҭуа ауриа афеномен ҷыда. Сара, салаҽхәаны исҳәар сылшоит имаҷымкәа ақырҭуа ауриацәа аҩызцәа шсымоу. Иахьагьы абра сҩызцәа рацәаны иҟоуп. Дара Израиль дырҕәҕәоит, иара убас, аҩбатәи рыҧсадгьыл - Қырҭтәылагьы иацхраауеит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Израиль саҭабууп. Ақырҭуа ауриацәагьы, адунеи зехьынџьара иҟоу ауриацәагьы аиааиреи, аҕәҕәареи, мышхәыбзазареи, ақәҿиарақәеи рзеиҕьасшьоит. Анцәа илҧха шәыгымзааит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр синагогаҿ Ханука ацәашьы иркит. Адунеи аҿы ақырҭуа ауриацәа ррабин хада Иакоб Гагулашвили аиҳабыра рнапхгаҩы асимволтә ҳамҭа иҭеит.

Қарҭтәи синагога ду аҿы аҧыза-министр ицын Қырҭтәыла иҟоу Израль ацҳаражәҳәаҩ Ран Гидони, Израиль ҧасатәи ацҵҳаражәҳәаҩ Шафтаи Цури, Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи, адунеи аҿы ақырҭуа ауриацәа ррабин хада Иакоб Гагулашвилии, Қарҭтәи синагога ду арабин Рахамин Мордухашвилии.