Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа Print Version

2021-12-07

Иахьа Ное Рамишвили - Қырҭтәыла адемократиатә республика иалкаау ахаҭарнакцәа иреиу, аиҳабыра раҧхьатәи ахантәаҩи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри иҧсра мшуп.

Раҧхьатәи ареспублика зегьы реиҳа зыхьӡу дуу аполитик, зхы иамеигӡакәа абольшевикцәа ирҿагылаз „аихатә министр" алагала дуӡӡа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә институтқәа раҧҵареи адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы.

Сара аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс саныҟаз, аминистрра ахыбраҿы ибиуст аартын, амҩагьы ихьӡ ахырҵит, убри ала, ҳара аҳаҭыр ду рықәаҳҵеит Ное Рамишвили иҧсҭазаара ззикыз европатәи аҧеиҧш азықәҧареи, ахьыҧшымреи ахақәиҭреи аидеалқәа.
Ное Рамишвили аҧсадгьы амаҵ аура иазгәыку ауааҧсыра зегьы рзы еснагь дҿырҧшыгазаауеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр
Иракли Ҕарибашвили