Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара Print Version

2021-12-07

.

"Апаспорт иаҵәа" аус арура апроцесси авакцинациа амҩаҧгашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Ишдыру ала, „апаспорт иаҵәа" аконцепциа амч аиуит ҧхынҷкәын 1 инаркны, уи инақәыршәаны, атәылауаа, „апаспорт иаҵәа" мацарала, абарҭ аобиектқәа рахь инеир рылшоит: акрыфаратә обиектқәа, аресторанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, абарқәеи иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшыларақәа рҿы, агәырҿыхаратә центрқәа, акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи, амузеиқәеи, аконцерттә залқәа, аказиноқәеи ахәмарратә бизнес аобиектқәеи, спа-центрқәа; афитнес-залқәа, асасааирҭақәа, ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа. Абри аҳәара рыдкьыслоит еиқәыҧхьаӡоу аобиектқәа рҭааҩцәа мацара.

Ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа рҿы „апаспорт иаҵәа" рымзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.

Ауаҩҧсы "апаспорт иаҵәа" иоуеит иара авакцинациа наӡа дахысхьазар, аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала PCR-тест ма аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала антиген-тест ҟаиҵазар, мамзаргьы акоронавирус ачымазара ихигахьазар.

Астатус иаҵәа ашьақәырҕәҕәаразы ахархәара амоуп 2 аппликациак - Georgia e-Health аҿы арегитсрациа ашьҭахь ишәанашьоу QR код ала. Қырҭтәыла алаҵа ҟазҵаз ауааҧсыра (атәымуаагьы нрылаҵаны) , рхатә статус иаҵәа шьақәдырҕәҕәоит, анеҩс, уи абзоурала, EU Gateway иалахәы атәылақәа рахь идәықәлар рылшоит. Georgia e-Health аус ауеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы, акарта иаҵәа/апаспорт ҳасабала. Убри адагьы, аппликациа Covidpass Georgia Қырҭтәыла мацараҿ ахархәара ҟалоит, уи ақырҭуа регулиациақәа зегьы ихнаҩоит.

Аппликациа ахархәара ҟалоит ахатә статус ашьақәырҕәҕәеи даҽаӡәы истатус агәаҭареи азыҳәан.

Иара убас, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы, еиуеиҧшым ақәыҧшыларақәа рыҩналаразы ахархара ҟалоит авакцинациа ацентрқәеи, аклиникақәеи, Аиустициа аҩнқәеи рҿы икьыҧхьу адокумент (ковид карта) алагьы, уи иацзароуп QR код ма абаркод.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак даҽазнык ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵеит авакцинациа апроцесс активла рҽаладырхәырц, асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, авирус ҿыркааит 871 580-ҩык, урҭ рҟынтә 813 872-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 12 466-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 32-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1 135-ҩык, астационар аҿы - 6 545-ҩык атәылауаа.

Аҧыза-министр инапхгарла аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура